АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2024

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы агильдиақәа русура аиҿкаара иалацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы агильдиақәа рхаҭарнакцәа – акондитерцәа, афармацевтцәа, ачарӡҩцәа, иара убас икомерциатәым аилахәырақәа (ИА) «Аԥсны аҳәса-аусдкылаҩцәа Рассоциациеи» «Аԥснытәи атуризм аидгылареи» ахаҭарнакцәа реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара аҿы икоммерциатәым аилахәырақәа (ИА) 2023 шықәсази 2024 шықәса актәи азыбжеи рзы русура иалацәажәеит, иара убас агильдиақәа, ассоциациақәа, аидгыларақәа русура аиӷьтәреи ҳазҭоу   2024 шықәса анҵәамҭанӡа аусуа аплани ирзааҭгылеит.  

Аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент ихаҭыԥуаҩ  Лана Киут, Икоммерциатәым Аилахәырақәа «Аԥснытәи атуризм аидгылара» ахантәаҩы Анна Калиагина, «Акондитерцәа ргильдиа» ахантәаҩы Лиана Биџьба, «Афармацевтцәа ргильдиа» ахантәаҩы Кристина Кьышьмариа, Икоммерциатәым Аилахәыра «Ачарӡҩцәа ргильдиа» ахантәаҩы Едуард Арсҭаа, уҳәа убас егьырҭгьы. Дара зегьы иҳаҩсыз аамҭахәҭа азы иҟаҵаз маҷӡам ҳәа иазгәарҭеит.

«Апандемиа COVID-19 ҳара зегьы аонлаин-формат ала аусура ҳнарҵеит, уи иабзоураны аилацәажәарақәа реиҳарак шьҭа латәарадатәи арежим ала имҩаԥысуеит. Краснодартәи атәылаҿацәи Шәача ақалақьи рҿы асасааирҭатә усдкылара знапы алаку Рассоциациеи ҳареи аусеицуратә еимадара бзиа ҳабжьоуп, лассы-лассы аонлаин-формат ала аҟаза-иклассқәа мҩаԥаагоит. Ааигәа Гагра ақалақь аҿы ацәыргақәҵа «HoReCa» амҩаԥгареи, «Аԥсны акурортологиа» атема ала аконференциа аиҿкаареи азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Урыстәылатәи амедиагәыԥ Урыстәылатәи абизнес Колсантинги (РБК)  «Макс Медиеи» аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҵара азы ҳрыҿцәажәоит», – ҳәа адыра ҟалҵеит Анна Калиагина.

Лиана Биџьба ааигәа Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ала еиҿкааз ахәаахәҭра-цәыргақәҵа  «Ахаа-мыхаақәа рныҳәа» («Праздник сладости») азы лгәаанагара лҳәеит. Лара аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи иҳараку аҩаӡараҿы ишымҩаԥгаз азгәалҭеит, иара убас анаҩсгьы алахәылацәа радыԥхьалараҿы ацхыраара дшазхиоу азгәалҭеит. Лиана Биџьба ахатәра аформа аофициалла ашәҟәҭагаларада аус зуа акондитерцәа раарԥшра хымԥадатәиуп ҳәа иазгәалҭеит.

Кристина Кьышьмариа афармацевтцәа рыквалификациа ашьҭахра ахымԥадатәра инаҵшьны иазгәалҭеит.   Ахәшәқәа рхаҭабзиара агәаҭара азы алабораториа аартра ахымԥадатәра азҵаара шьҭырхит. Кристина Кьышьмариа  аҳәаанырцәтәи ахәшәқәа разымхареи урҭ ахаҭабзиара астандартқәа рақәымшәареи иадҳәалоу апроблема далацәажәеит.

Едуард Арсҭаа игәаанагарала, ачарӡҩцәа рхыԥхьаӡара  ессааира ишазҳауагьы, абар шьҭа жә-шықәса ирылагӡаны аҭыжьыҩцәа рганахьала аалыҵ ахаҭабзиара иахәҭоу ахшыҩзышьҭра амҭара иадҳәалоу ауадаҩра шыҟац иаанхоит.   Иара аҳәынҭқарра аҟынтәи ачаӡра аусхкы ахылаԥшра аҟазаара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, уи алахәылацәа гәаанагарак аҿы еиқәшаҳаҭхеит. Урҭ ргәаанагарала излацәажәаз аусхкқәа рҿы аҳәынҭқарра аҟынтәи иҟоу ахылаԥшра азхом, акоммерциатә усура аиҿкаара амеханизмқәа ыҟаӡам, уи азакәанԥҵара аҿы иҟоу абжьахақәа   ирыдҳәалоуп. Убри аҟнытә еиқәыршәаны ирыдыркылароуп уи азы азакәанқәа, иара убри ала ииашоу аконкуренциеи ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчареи алыршахоит.  

Агильдиақәеи икоммерциатәым аилахәырақәеи рнапхгаҩцәа Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгара ас еиԥш хра злоу аиԥылара ахьырзеиҿыркааз азы иҭабуп ҳәа раҳәо, Апалата – ари абизнес амҩаԥгара иацу апроблемақәа рылацәажәареи  урҭ рыӡбараҿы адгылара аиуреи ахьзалыршахо, уаҳа зда ыҟам плошьадкоуп ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит.  

Аиԥылара рхы аладырхәит Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата алахәылацәа, анаплакқәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа аус рыцура азы аусбарҭа анапхгаҩы Кира Зекир-оглы, Апалата азиндырҩы Ӡирасса Ӡиӡариа.

 

 

 

 

 


Read 139 times - Асабша, 08 Рашәара 2024 15:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.