Аԥсышәалеи урыс бызшәалеи иҭыжьу ари ашәҟәы, 12-ҩык Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рсахьала еиқәыршәоу, 12-ҩык иналукааша аԥснытәи аҳәсақәа рҭоурых иазку аизга ауп. Аҭыжьымҭа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу абиблотекақәа зегьы рахь инагоуп,уи акоммерциатә ҟазшьа аҵаӡам.
07.Рашәара.2024
Ашәҟәы «Зыхьӡ нагоу Аԥсны аҳәсақәа» аӡыргара мҩаԥысит акультура-усутә платформа «Гәыма» аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьаша, рашәарамза 6 азы акультура-усутә платформа «Гәыма» аҿы ахәыҷқәа рзы ашәҟәы «Зыхьӡ нагоу Аԥсны аҳәсақәа» аӡыргара мҩаԥысит. Ашәҟәы авторцәа – Акультура-усутә платформа «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возбеи ААУ аполитологиа акафедра арҵаҩы Ирина Турааԥҳаи, аҭыжьымҭа аредактор – афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Владимир Занҭариа.