АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2024

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рхылаԥшра азы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа атәыла аплиажқәа аԥхынтәи акурорттә сезон ишазыҟаҵоу атәы еиҭеиҳәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рхылаԥшра азы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа Sputnik–Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы  атәыла аплиажқәа аԥхынтәи акурорттә сезон ишазыҟаҵоу атәы еиҭеиҳәеит. Сынтәа акурорттә сезон аофициалла иаатит рашәарамза 1 азы.

Ҭенгиз Сабуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, араионқәа рхадацәа заанаҵы, аҽыкәабаратә сезон аартра ҩба-хԥа мчыбжьы шыбжьаз атәыла ауааԥсыреи асасцәеи рыԥсшьара ашәарҭадара азы иарбан усурақәоу инагӡатәу арбаны азԥхьанҵақәа роуит. Азԥхьанҵақәа хә-пункт арбоуп: актәи – амшын аҟны иҟазароуп аӡсараз азин ахьынӡаҟоу аҳәаа, ихҵатәуп аӡҳәаарбагақәа; аҩбатәи – иргылатәуп аиқәырхарҭатә ҭыԥқәа; ахԥатәи – адыргатә шьаҟақәа арстәуп; аԥшьбатәи – шәагаалр имаҷу аӷбақәа рзы атехникатә ҭыԥ хкаатәуп; ахәбатәи – амшын аҵа гәаҭатәуп, ирыцқьатәуп.

«Иахьатәи амш азы Аҟәа инаркны Гагранӡа амшынҭалартә аамҭа иазыхиоу қалақьк ыҟаӡам», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Ачынуаҩ игәаанагарала, иқәыргылаз ахыдҵақәа рынагӡара аҿы иԥхьагылоуп Гәылрыԥшь араион инаркны Очамчыра араион аҟынӡа.  Араҟа адҵақәа реиҳарак нарыгӡахьеит. Иарбоу аҵакыра аҿы аплиажқәа раартра рашәарамза 10 рзы иазԥхьагәаҭоуп.

«Гагра азԥхьанҵа иарбаз пунктгьы нагӡамкәа иаанхеит. Афон Ҿыци Пицундеи ақалақьқәа рҿы ишьақәдыргылахьеит аӡсараз азин ахьынӡаҟоу аҳәаа, ихҵоуп аӡҳәаарбагақәа.   Аҟәа ақалақь аҿы амшын аҵа гәаҭаны идрыцқьеит, мчыбжьык ала аӡҳәаарбагақәа хҵахоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Ҭенгиз Сабуа еизаз иргәалаиршәеит 2002 шықәсазы аӡаҿы азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәааара азы ахарԥсатә санкциақәа шалагалаз:

«Ҳара ашықәси-ашықәси рыбжьара аӡиас амшын иахьалало аҭыԥқәа рҿы аҽыкәабара шыҟамло аҳәара ҳаҿуп. Иҟан имаҷымкәа амашәыр хҭысқәа, Кьалашәыр аӡиас амшын иахьалало ауаа аӡы иагон.  Иҟан зеиқәырхара алыршаз, аха иҭахазгьы ыҟоуп. Џьоукы-џьоукы ауаа арыжәтә ыжәны аӡы иҭалоит,  мамзаргьы амшын анеисуа рҽыркәабоит. Ҳара азин нагӡаны иҳамоуп ас еиԥш азинеилагаҩцәа 2 нызықь мааҭ рҟынӡа ахараԥса дыршәара Иара убас ҳара араионқәеи ақалақьқәеи иахьрыҵанакуа аплиажқәа рзы аҭакԥхықәра зду урҭ рхадацәагьы ахараԥса дҳаршәарц азин ҳамоуп. Усҟан ахараԥса аицҵалыҵ 18 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас Ҭенгиз Сабуа хәы-шықәса раԥхьа Аԥсны аӡытә ҵакырақәа зегьы рҿы иааизакны 49-ҩык ҭахеит ҳәа иазгәеиҭеит. Убас 2020 шықәсазы – ԥшьҩык, 2001 шықәсазы  – 20-ҩык, 2022-тәи ашықәс азы   – 13-ҩык , 2023-тәи ашықәс азы – 12-ҩык ауаа.  

«Ҳгәыӷуеит, 2024 шықәсазы аӡҭаларатә сезон амашәыртә хҭысқәа рыда имҩаԥысып ҳәа», - иҳәеит иара.

 


Read 191 times - Ахәаша, 07 Рашәара 2024 20:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.