АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2024

ААУ аҵарауаа рхеилак ааҩык акафедрақәа рнапхгаҩцәа ркандидатурақәа шьақәдырӷәӷәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. ААУ 8 - кафедрак рнапхгаҩцәа ркандидатурақәа рышьақәырӷәӷәара, Нодар Ҷанба ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа ахьӡ ианашьара, абиологиа-геогафиатә факультет аиҭарҿиара, аудиториа аартреи апрофессор Рауль Хонелиа ихьӡ зху астипендиа аԥҵареи, аинформациа-ԥхьаӡаратә Центр азы Аԥҟара ашьақәырӷәӷәара – абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи, аԥшьаша, рашәарамза 6 рзы имҩаԥысыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҵарауаа рхеилак аилатәара амшхәаԥштә иалагалан.

Ауниверситет а-Telegram-канал аҿы иҟоу адыррақәа рыла, имаӡоу абжьыҭирала акафедрақәа рнапхгаҩцәа ралхра мҩаԥысит:

– апедагогикеи аҵара аметодикақәеи  ркафедра аиҳабыс дшьақәдырӷәӷәеит – апедагогикатә наукақәа рдоктора, профессор Алеқсеи Касланӡиа;

– аматематикатә анализ акафедра анапхгаҩыс –афизика-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Роберт Лашәриа;

– аекологиеи аԥстәқәа рморфологиеи акафедра анапхгаҩыс  – абиологиатә наукақәа ркандидат, адоцент Роман Дбар;

– атәылауаҩратә зини апроцесси ркафедра анапхгаҩыс – адоцент Лиудмила Хоџьашьвили;

–  аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ртеориеи ркафедра анапхгаҩыс – аҭоурыхҭҵааратә наукақәа ркандидат, адоцент Есма Гәыргәылиа;

– адизаин акафедра анапхгаҩыс  – апедагогикатә наукақәа ркандидат, адоцент Елена Лабахәуа;

– асахьаҭыхратә ҟазара акафедра анапхгаҩс – адоцент Лаша Габелиа;

– абаҩарҵәырааӡареи аспорти ркафедра анапхгаҩыс – арҵаҩы еиҳабы Киагәа Џьениа.

ААУ аректор Алеко Гәарамиа Адыгатәи (Черқьесстәи)  жәларбжьаратәи анаукақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәылацәа рдипломқәа ранеишьеит ААУ анаукатә усура азы апроректор Џьулиетта Адлеиба, апедагогикеи аҵара аметодикақәеи ркафедра аиҳабы Алеқсеи Касланӡиа,  афизика-математикатә факультет адекан Ниазбеи Ԥачлиа,  ахархәаратә физика акафедра аиҳабы Ианварби Екба.  

 


Read 167 times - Ахәаша, 07 Рашәара 2024 18:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.