АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2024

ЦСКА ашьапылампыласҩы Ельвира Ҭодуа аматч «Winline Суперкубок-2024» лхы алалырхәуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳара ҳџьынџьуаҩ, Ельвира Ҭодуа ашаьпылампыл азы ЦСКА аҳәса ркоманда аилазаараҿы аматч «Winline Суперкубок-2024» лхы алалырхәуеит.  Араҟа урҭ ркоманда «Зенит» аҳәса ркоманда иацыхәмаруеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  Асматч мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 8 рзы Санкт-Петербург ақалақь, «Газпром Арена» аҿы.

«Аиндаҭлара ӷәӷәа ҟалоит. Аҟазшьақәа, алшарақәа, аҽадцалара, уҳәа реиҿагылара, реицлабра ҟалоит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Иааизакны иԥшӡоу ахәмарра ҳазыԥшуп, аәаԥшцәа рацәаны иаап ҳәа ҳгәыӷуеит», -ҳәа илҳәеит Ельвира Ҭодуа.

Шықәсык аԥхьа арҭ акомандақәа убасҵәҟьа еиқәшәахьан. Аиааира згаз апенальтиқәа рыла деикаахеит, уи аклуб «Зенит» акәхеит.

 


Read 140 times - Ахәаша, 07 Рашәара 2024 18:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.