АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2024

Беслан Ешба акциа «Ицқьоу ақалақь» амҩаԥгаразы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» амҩаԥгара азы Адҵа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит. Уи мҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы ақалақь асанитартә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи аиқәыршәазаареи хықәкыс иҟаҵаны.
Акциа аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы ақалақьтә штаб аԥҵоуп.

Анаплакқәа, аиҿкаарақәа, амуниципалтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи егьырҭ аусбарҭақәа рхадацәеи доусы ирыҵанакуа атерриториақәа рҭеиҭыԥш арҽеиразы аилыргаратә усурақәа нарыгӡарц азы азԥхьанҵа рыҭоуп. Ахатәы ҩнқәа змоу убасҵәҟьа рыҩнқәа иаԥну аҵакырақәа рҿы асанитартә еилыргара амҩаԥгара рабжьгоуп.
Аҳҭнықалақь Ахадара ақалақь ауааԥсыра зегьы рахь акциа рхы аладырхәырц рықалақь гәакьа иацхраарц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Акциа аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи рфинансыркра Аҟәа ақалақь афинансқәа русбарҭа иадҵоуп.
Акциа алахәылацәа зегьы анапхазқәа, агәам-сам зҭарыԥсо ааҵәақәа, уҳәа егьырҭ иахәҭоу амаругақәеи аинвентари атранспорти рыла еиқәыршәахоит. Уи азы аҭакԥхықәра адҵахоит Анхара-Комуналтә Нхамҩа Адепартамент.

 


Read 173 times - Ахәаша, 07 Рашәара 2024 15:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.