Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Араду ақыҭан инхо афермер қәыԥш Ахра Какалиа абар шьҭа хәы-шықәса рыҩныҵҟа асалаҭтә иаҵәара аарыхра инапы алакуп.
Иара иарбан иаҵәара хкқәоу еиҭаиҳауа, ажәлеи аиҭаҳатәи раагара ахьзалыршахо, насгьы акыр ихырҳагоу аиаҵәара, екологиала ицқьоу афатә аалыҵ аарыхра шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.
«Ҳара асалаҭтә иаҵәара еиуеиԥшым ахкқәа ааҳрыхуеит. Иахьазы ҳара иҳамоуп еиуеиԥшым адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи иаагоу 10 хкык рҟынӡа асалаҭтә иаҵәара. Урҭ иаагоуп Китаи, Европа, уҳәа атәылақәа рҟынтәи», - ҳәа иҳәеит иара.
Ахра Какалиа ишазгәеиҭаз ала, раԥхьа иара аҩны азы аиаҵәара аарыхра далагеит, нас аамҭақәак рышьҭахь уи иусура амҽхак аҽарҭбааит.
Сара апомидор акоммерциатә партиақәа раархра азы аԥышәа сыман. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ҳара асалаҭтә иаҵәара аарыхра ҳҽазаҳшәо ҳалагеит. Насгьы иазгәаҭатәуп, уи аарыхра акыр еиҳа ишымариоу ауҭраҭых, апамидоргьы уахь иналаҵаны, аарыхра аасҭа. Убри аан, еиуеиԥшым асалаҭтә иаҵәара ахкқәа аахәаратә дҵаалара бзиа амоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Ахра Какалиа ишазгәеиҭаз ала, иара анатуралтә дгьылқәаарыхара апринцип ала аус иуеит.
«Ҳара аиаҵәара аарыхраан ҳхы иаҳархәаӡом ахимиатә маҭәашьарқәеи арҵәыгақәеи. Ҳара иааҳрыхуа аиаҵәара екологала ицқьоуп, ихырҳагоу афатә аалыҵ ахь иаҵанакуеит», –ҳәа иҳәеит Ахра Какалиа.
Еиуеиԥшым аԥырхага зырҿио ахәаҷамаҷақәа рҿагылараз иҟарҵои ҳәа ҳазҵаара аҭак ҟаҵо, Ахра Какалиа иҳәеит: «Ҳара аҵиаақәа акагьы рықәаҳҭәаӡом. Аԥырхага зырҿио ахәаҷа-маҷақәа ракәзар, урҭ егьырҭ аҵиаақәа рыла ҳҽырцәыҳахьчоит. Ҳсалаҭтә иаҵәара ааигәара иазҳауеит ашәҭ, уи иахылҵуа афҩы ала аԥырхага зырҿио ахәаҷа-маҷақәа аршәоит, насгьы дара ԥсабарала иқәызго егьырҭ аԥсаатәқәа аднахалоит. Ииашоуп, аиҭаҳатәқәа зегьы убасала ахьчара уадаҩуп, убри аҟнытә ҳара иара убас иԥсабаратәым аматериалқәа ҳхы иаҳархәоит, аҵиаақәа хаҳҩоит, иара убри ала аԥырхага зырҿио ахәаҷа-маҷақәа ирцәыҳахьчоит», – ҳәа иҳәеит иара.