pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ашықәсҿыцтәи аҵх иааидкыланы машәырда имҩасит, амилициа аусзуҩцәа досу ирыдҵаз ахырхарҭала иҷаԥшьон. Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәеи аҩныҵҟатәи аусқәа  Рыҟәшақәеи рыҟны арзаҳалқәа ҳәа акагьы рмоуӡеит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара ареспублика иқәынхо ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟанаҵеит, ауаажәларратә леишәа иқәныҟәаларц, рааигәа-сигәа иҟоу ашәарҭара иҭанаргыларатә еиԥш рхы мҩаԥырымгарц.

Арҭ аныҳәамшқәа рзы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа атәыла аҩныҵҟа ашәарҭадара аԥҵаразы руалԥшьақәа ирӷәӷәоу арежим аҿы инарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс азы раԥхьа ииз ахәыҷы - Адлеиаа рҭаацәараҿы ииз  ӡӷабуп. Ахәыҷы ашықәс ҿыц ауха асааҭ 3:00 рзеиԥш Аҟәатәи ахшараиурҭа аҿы диит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит. 

 

Акыр иаԥсоу сыуаажәлар!

Минуҭқәак рыла 2024 –тәи Ашықәс ҿыц ҳҭалоит! Ихыркәшахоит ауадаҩрақәа реиԥш, аихьӡарақәагьы зцыз 2023 –тәи ашықәс. Ҳаԥхьаҟа шәаргьы ҳаргьы иаҳдыруеит аус дуқәа шышьҭоу. Аха урҭ қәҿиарала рынагӡара ҳалшоит зегьы ҳаидгылар. Убас алагьы иааиуеит еиҳа еиӷьу, ҳазегьы ҳаззыԥшу аамҭа бзиақәа. 

Ҳара агәра ҳгоит 2024-тәи ашықәс ахҭыс бзиақәа ацны иааиуеит ҳәа, ҳтәылаҟнеиԥш, адунеи зегьы аҟны аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхоит ҳәа, аибашьрақәа хыркәшахап, ачымазарақәа маҷхап ҳәа.

Сынтәа шәаргьы ҳаргьы ҳажәҩахыр еибыҭаны иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит ҳтәылаҟны аԥсҭазаара аиӷьтәразы. Ҳара Ԥсадгьылк  ауп иҳамоу Аԥсноуп, хықәкыс иҳамоугьы ибеиоу ҳкультура, ҳатрадициақәа еиқәырханы, иааиуа абиԥара ҿыцқәа рызнагароуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Украина Арбџьармчқәа ракетала Белгород ақалақь ралахысра иахҟьаны ауаа ахьҭахаз инамаданы дидышшылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Адышшыларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: 

«Сшәыдышшылоит Белгород ақалақь аҿы иҟалаз арыцҳара инамаданы.

Шәхьаа шәыцеиҩысшоит, иҭахаз ауаа рыуацәа срыдышшылоит.

Аԥсны жәлар урыстәылаа ирыдышшылоит, гәыла-ԥсыла ирыдгылоит, ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩыршоит. Агәыӷра ҳамоуп ас еиԥш арыцҳарақәа аурыс идгьыл аҿы уаҳа иҟаларым ҳәа»

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар иааиуа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

 

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыц!   Ашықәс ҿыц ҳара иадаҳҳәалоит агәыӷра бзиақәа, ҳагәҭак бзиақәа рынагӡара.

Ииасуа 2023 шықәсазы акрызҵазкуа ахҭысқәа маҷмызт. Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәаргьы ҳаргьы иҳалшаз, ҳзыхьӡаз азы. Аԥхьаҟа аамҭа иаҳнарбоит  иааиуа ашықәс зеиԥшрахо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра уаҵәтәи амш гәрагарала иахәаԥшуеит, аԥеиԥш бзиа иақәгәыӷуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент  Аиҳабы Лаша Ашәба  ԥхынҷкәынмза 30 рзы Белгород ақалақь аҿы иҟалаз арыцҳара  инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Адышшыларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Жәлар Реизара-Апарламент ӷәӷәала иақәыӡбоит украинатәи анацистцәа рыла ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәсазы Белгород ақалақь аҿы аҭынч уааԥсыра рганахьала иҟарҵаз атеррористтә акт. Ҳара даара хьаа дуны иҳадаҳкылеит 24-ҩык аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз,  хықәкыла икылкааны Белград ақалақь агәы алахысра ҟалеит ҳәа ажәабжь хлымӡаах. Ишеилкаахаз ала, иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ԥшьҩык ахәыҷқәагьы, шәҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, анхарҭаҩнқәеи асоциалтә обиектқәа жәпаки ҟәбоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иахьаҵанакуа ауаажәларратә шәарҭадареи азинлеишәеи рышьақәыргыларазы, ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раан азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәааразы, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа инақәыршәаны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада, атранспорт аҿы ацәаҳәатә усбарҭа, Аҳәынҭинспекциа аусбарҭа, аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшақәеи ақалақьтә усбарҭақәеи ахатә еилазаара зегьы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза   30 инаркны иааиуа 2024 - тәи ашықәс ажьырныҳәамза 12 рҟынӡа рмаҵзура анагӡара ирӷәӷәоу арежим ахь ииагоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Афедерациа Ахада Владимир Путин иааиуа Ашықәс Ҿыци  Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, иҳәоуп:

 

" Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәа лашеи!

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Азинхьчаратә усбарҭақәа иааныркылеит хҩык Узбекьысҭан атәылауаа.  Дара зегьы анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыиагареи рыҵәахреи рзы ахара рыдҵоуп.  

Зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит 2001 шықәсазы ииз Абдуллаев Акмалџьон Адхамџьон-иԥа.

Акмалџьон Абдуллаев  анаркотикатә маҭәашьар шимаз дааныркылеит Ешыра ақыҭан.

Хаҭала игәаҭараан иаанкылаз хыхьтәи ишәҵатәы аџьыба иҭыргеит аиҵәа ԥштәы змоу апакет иҭаз, аҭиразы ирхиаз 56 еилаҳәара.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы имҩаԥгаз аҭҵаара ишаҳнарбаз ала, уи «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын.

Иара убас ишьақәыргылахеит Акмалџьон Абдуллаев Гәымсҭа ақыҭан имаӡоу аҭаҵәах шыҟаиҵахьаз. Аҭыԥ агәаҭараан ареспубликатә трасса иаваршәны амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәаз аилаҳәара.

Акмалџьон Абдуллоев дахьынхоз ауада аҿы ирыԥшааит ахаҵа иарҭмаҟ, уи иҭан анаркотикатә маҭәашьар згәылаз 16 еилаҳәара.  

Амилициа аусзуҩцәа Гагра ақалақь, Абазгааи Адыгааи рымҩеихысырҭа  аҿы ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәаз даҽа 5 еилаҳәарак.  

Акмалџьон  Абдуллаев имхыз «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар азеиԥш капан 22 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Акмалџьон Абдуллаев дҭакуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршареи рхылаԥшреи рзы Аусбарҭеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәшеи русзуҩцәа дааныркылеит 1999 шықәсазы ииз Тошпулатова Гуллакхон Инобиддин-кизи.

Хаҭала лгәаҭараан иаанкылаз аԥҳәыс илымаз аполиетилентә пакет иҭаз, анаркотикатә маҭәашьар «метадон» згәылаҳәаз 22 еилаҳәара лхала ицәырылгеит.

Гуллакхон Тошпулатова Аҟәа ақалақь аҿы имаӡоу аҭаҵәахқәа рыҟаҵарала анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара мҩаԥылгон. Аҟәа ақалақь, Адлеиба имҩала игылоу хә-еихагылак змоу аҩнеихагыла аҩналарҭа №2 аҿы амилициа аусзуҩцәа  ирыԥшааит «метадон» згәылаҳәаз  даҽа 33 еилаҳәара.  

Гуллакхон Тошпулатова илыдырбалаз, анаҩс илымхыз анаркотикатә маҭәашьарқәа рзеиԥш капан  41,65 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.