pressadmin-2
Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны Лугансктәи арҵаҩратә Университет астудентцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Лугансктәи арҵаҩратә Университет аҭоурых, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи асоциал-политикатә наукақәеи Ринститут астудентцәеи арҵаҩцәеи дырԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва ақалақь аҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, астудентцәеи урҭ рнапхгаҩцәеи еиуеиԥшым азҵаарақәа рыҟаҵара азы алшара рыман. Заԥхьаҟа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аус зураны иҟоу Аԥсны аҭоурых, адәныҟатәи аполитика, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи, егьырҭ адипломатиатә еизыҟазаашьа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара аусеицура ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ҳаԥхьаҟатәи аперспективақәеи, жәларбжьаратәи аконтактқәа рыҿиареи рырҭбаареи азҵаарақәа рзы азҿлымҳара аадырԥшуан .
Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистри Калужтәи аобласт асоциалтә хьчареи аџьеи рминистри Аминисррақәа анаҩстәи русеицура иалацәажәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асоциалтә хьчареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба Калужтәи аобласт асоциалтә хьчареи аџьеи рминистр Павел Коновалов диԥылеит.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба, ацентр «Развитие» азеиԥш зҵаарақәа рзы адиректор Елена Заицева, Урыстәыла Анапхгара аҟны иҟоу Калужтәи аобласт Анапхгара ахаҭарнакра аинвестициатә проектқәа заанаҵтәи аиқәыршаҳаҭра аҟәша аспециалист хада Ксениа Макарова, Аԥсны асоциалтә хьчареи адемографиатә политикеи Рминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа.
Руслан Аџьба раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.
Жәларбжьаатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәеит акоординациатә штаб аилатәара аҿы.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бабышьра ақыҭан иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зку Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара азы комплексла аусурақәа рымҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит акоординациатә штаб аилатәара аҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәанба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.
Аилатәара иалахәыз аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи уи аусура аиҭахацыркреи рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа шымҩаԥысуа иалацәажәеит.
Аслан Бжьаниа: милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аерманцәа ргеноцид амш аҽны аерман жәлар рыхьӡала адышшылара ҟаиҵеит.
«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә – Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш. Аерман жәлар ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит. Адунеи зегьы аҟнеиԥш, ҳаргьы иахьа иаҳгәалаҳаршәоит ХХ ашәышықәса алагамҭазы ихамшҭыхәны иҟалаз ахлымӡаах – аерманцәа ргеноцид, харада индырҵәаз ауаа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.
Аԥсны жәлар ари атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара ирыцуп, ҳтәылаҟны дара рхатә хьааиԥш ирыдыркылоит жәларык рхьаа. Аԥсны агәаанагара аҽаԥсахӡом — милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп. Ауаатәыҩса ирылшо зегьы ҟарҵароуп ари аҩыза агыгшәыгра ахааназы даҽаџьара иҟамларц азы.
Ари аҩыза ахҭысқәа ауаа рҭоурыхтә гәалашәараҿы иаанымхар залшаӡом.
Аҟәа аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟанаҵоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҳҭнықалақь Ахадара адепартаментқәа, аҟәшақәа, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Уи аԥхьа аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба Уи азы Адҵа инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны атуристтә сезон ҳәа иԥхьаӡоуп рашәара 1 – цәыббра 30, 2024 шықәса.
Аусԥҟа анагӡара хылаԥшра аиҭоит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе. Ишьақәырӷәӷәоуп аусмҩаԥгатәқәа рыплан.
Беслан Ешба амаҵзурақәа зегьы ишахәҭоу ала иацклаԥшны доусы ирыду ауснагӡатәқәа рынагӡара азы аҭакԥхықәра шрыду азгәеиҭеит. Иара ақалақь ацқьара алыршара зегьы ирыцкуп, уи иҳараку аҩаӡараҿы инагӡатәуп ҳәа иҳәеит.
«Асасцәа шәыҩныҟа иаазшәа ишәыԥхьаӡа. Ауаҩы дахьааиуа аҩны еилыргамзар, ана-ара аҟьамсар кажьзар, уи ԥхашьароуп аԥшәма изы. Убри азы ақалақь цқьазароуп, аҭеиҭыԥш рҽеитәуп. Агәам-сам амҩадуқәеи ашьаҟамҩақәеи ирныжьланы иҟамлароуп. Ақалақь анхамҩа Аусбарҭа агәамсамкаԥсарҭақәа ахьцәырҵуа аҭыԥқәа ралкаареи уаҟа лаҵарамза нҵәаанӡа авидеонаԥшра акамерақәа рышьақәыргылареи рзы адҵа рыҭоуп», - ҳәа иҳәеит Беслаан Ешба.
Ақалақьтә маҵзурақәа русзуҩцәа абаҟақәа, абаҳчақәа рҭыԥ иқәырҵоит, еиҿыркаауеит аилыргаратә усмҩаԥгатәқәа. Урҭ рымҩаԥгара иалахәуп афирмақәеи аиҿкаарақәеи русзуҩцәа. Иаҿуп ацхыраара ласы абригада цҵақәа русура реиҿыркаара, ахәаахәҭратә киоскқәа ргыларҭа асхемақәа рҳәаақәҵара.
Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит II Аԥснытәи амедицинатә Форум.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы, аҩаша, мшаԥымза 23 рзы II Аԥснытәи амедицинатә Форум аусура ахыркәшара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба еизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо ас еиԥш иҟоу афорумқәа ирыҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Афорум аусура зхы алазырхәыз зегьы. Ҳара аринахысгьы хымԥада ҳусеицура иацаҳҵоит. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ари аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы ацхыраара ҳазҭаз ҳаспонсорцәа. Урыстәылатәи аделегациа ҳамҭас иаҳзааргеит аплазматә телевизор дуқәа ҩба, урҭ ахәыҷтәы реабилитациатә Центр аҿы амассажқәеи егьырҭ апроцедурақәа рымҩаԥгараан ахәыҷқәа ргәырҿыхара азы ишьақәдыргылеит», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.
Едуард Быҭәба хазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭеи Ахәыҷтәы реабилитациатә Центри иаҭааз, апациентцәа аконсультациақәа рызҭаз, иара убас зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку аоперациаақәеи анаҩстәи ареабилитациеи зҭаху ахәыҷқәа алызкааз аҳақьымцәа.
«Ҳара ҳтәылауаа Ихымԥадатәиу амедицинатә Ԥгаԥса аполис ала ахәышәтәразы Урыстәыла аклиникақәа рахь идәықәҵахоит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит ари аус аҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы», - ҳәа иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр.
Аԥсны атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥынтәи ааԥхьара алагеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 23 рзы иалагеит Аԥсны атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥынтәи ааԥхьара.
Ишьақәгылаз атрадициа ала, ааԥхьара актәи амш азы арратә комиссариатқәа рхаҭарнакцәа, арра иргои урҭ рҭаацәеи, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу 1992 – 1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
Арратә ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчареи аҵарадырреи Рминистррақәа.
Алеқсандр Анқәаб ажурнал «Международная политика» аредактор Хада Сергеи Маркедонов дидикылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҭҵааҩ ҿарацәа адгылара рыҭара иазку Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи Аҳәынҭқарратә Институт (Ауниверситет) (МГИМО) апроект анагӡара аҳәаақәа ирҭыгӡаны Аԥсны иҟоу ажурнал «Международная политика» аредактор Хада, Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи Аҳәынҭқарратә Институти (Ауниверситет) жәларбжьаратәи аусқәа рзы Урыстәылатәи Ахеилаки жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа рексперт Сергеи Маркедонови Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи Аҳәынҭқарратә Институти (Ауниверситет) аспирантцәеи идикылеит.
Аԥснытәи аҳақьымцәа Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа аҳаҭыртә медалқәа ранаршьеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. II Аԥснытәи амедицинатә Фроум аусура зхы алазырхәаз Урыстәылатәи Афедерациа анаука зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиеи Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиеи академик Иури Рахманин аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә медалқәа ранеишьеит.
Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум аӡбамҭа инақәыршәаны, иналукааша аурыс физиолог, Нобельтәи апремиа алауреат Иван Павлов ихьӡ зху аҳаҭыртә медал ранашьахеит:
Анжела Арҷелиа – Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи атерапевт Хада, Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиатә ҟәша аиҳабы.
Матуа Алиса – Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аексперименталтә паталогиеи атерапиеи Ринститут адиректор анаукатә усуразы ихаҭыԥуаҩ, аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы.
Екатерина Дашкова лыхьӡ зху аҳаҭыртә медал ранашьахеит:
Хәыхәыҭ Бӷажәба диижьҭеи 110- шықәса аҵра иазкыз анаукатә конференциа мҩаԥысит Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы 68-тәи анаукатә сессиа аатит. Сынтәа уи афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Хәыхәыҭ Бӷажәба диижьҭеи 110 - шықәса аҵра иазкын.
Анаукатә сессиа мҩаԥыслоит мшаԥымза 23- 26 рзы.
Аконференциа иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз аҵарауаа – Шьоҭа Арсҭаа, Руслан Барцыц, Сариа Амҷба, Роман Ҷанба, Иван Шамба.
Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәба Аинститут аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аусура атәы инарҭбааны далацәажәеит.
Арда Ашәба иажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкны хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Арда Ашәба, иахьа зыԥсҭазаара зегьы аԥсуа наука иадызҳәалаз ауаҩы ииубилеи азгәарҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара иаҳдыруеит, Хәыхәыҭ Соломон-иԥа Бӷажәба анаука дшазыҟаз атәы. Уи иоуп раԥхьаӡа аԥсуа критика иазкны анаукатә усумҭа зҩыз, иара иоуп зегьы раԥхьаӡа аԥсуа фольклор аҭҵаара иалагаз. Иара еизганы икьыԥхьыз 150 афольклортә материалқәа аурыс аԥхьаҩ аԥсуаа доуҳала иахьынӡабеиоу дырбара азы аурыс бызшәахьы еиҭеигеит. Иара убас иара аԥсуа ҩыра аҭоурых ҭиҵаауан. Хәыхәыҭ Соломон-иԥа Лев Толстои, Максим Горки реиԥш иҟаз аурыс классикцәа рырҿиамҭақәа еиҭеигон», - ҳәа еиҭеиҳәеит Арда Ашәба.
Хәыхәыҭ Бӷажәба иԥа, археолог, аҭоурыхҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарақәа рдоктор Олег Бӷажәба аихшьаалатә наукатә конференциа ихы изаламырхәӡеит, аха иара авидеоааԥхьара ааишьҭит.








