АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Цәыббра.2025

Даур Ақаҩбеи Ольга Лиубимовеи акультура аусхкы аҿы аусеицуразы анапхгарабжьаратәи апрограмма рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа еидҵоу акультурақәа рфорум аҿы акультура аусхкы аҿы аусеицуразы анапхгарабжьаратәи  апрограмма рнапы аҵарҩит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра.

Аусшәҟәы инақәыршәаны аганқәа абарҭ ауснагӡатәқәа нарыгӡалоит:

  • Асахьаҭыхратәи асценатәи, акинемотографиа, абиблиотекатәи, амузеитә усура, адекоратив-хархәаратә, ацирктәи, атеатралтә ҟазара, жәлар рнаплакра, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи аиқәырхареи, уҳәа аусхкқәа рҿы аусеицура арҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;
  • Абри апрограмма ахархәара аамҭа иҭагӡаны, наҟ-ааҟ акультуратә усмҩаԥгатәқәа – Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны акультура амшқәеи Ареспублика Аԥсны Урыстәыла акультура амшқәи рымҩаԥгара;
  • Амузыкатә, атеатралтә, асахьаҭыхратәи жәлартә ҟазареи, иара убас агастрольтәи афестивальтәи аусура аганахьала аусеицура арӷәӷәара;
  • Аԥснытәии урыстәылатәи анагӡаҩцәеи аколлективқәеи жәларбжьаратәи амузыкатә фестивальқәа, аконкурсқәеи Аԥсни Урыстәылеи традициала имҩаԥгахо амузыкатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара адгылара аҭара;
  • Атеатрқәа рыбжьара ишиашоу аимадара рыбжьаҵара, анагӡаҩцәа, ақәгыларатә гәыԥқәа, акритикацәеи атеатрдырцәеи рыла аимадара амҩаԥгара, иара убас агастрольқәа реиҿкаареи Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥгахо жәларбжьаратәи атеатралтә фестивальқәа рылахәхареи адгылара аҭара;
  • Адраматәи амузыкатәи аиҿкаарақәа, асахьаркыратә коллективқәеи хазы игоу анагӡаҩцәеи Аԥсни Урыстәылеи ажәларқәа рыԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ахҭысқәа разгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны рықәгыларақәа реиҿкаара адгылара аҭара;
  • Аԥсни Урыстәылеи рмузеиқәа русеицуреи рпартниортә еизыҟазаашьақәеи рырҿиара, асахьаҭыхратәи афотосахьатәи ацәыргақәаҵақәа, ҳаамҭазтәи аҟазара аекспозициақәа рымҩаԥгара, иҿыцу амузеитә технологиақәа ирызку аинформациа ала аимадара, иара убас аҩ-ганк рҳәынҭқаррақәа рҿы иҟоу амузеиқәеи ҳаамҭазтәи аҟазара ацентрқәеи рыбжьара ишиашоу аимадара рыбжьаҵара аус адгылара аҭара;
  • Акультуреи аҟазареи иадҳәалоу хазы игоу азанааҭқәа русзуҩцәа ирызку аҵарадырратә программақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура алыршара;
  • Акультуреи аҟазареи русхкы аҿы аҵарадырратә программақәа назыгӡо азанааҭтә ҵарадырратә еиҿкаарақәеи иреиҳау аҵарадырратә еиҿкаарақәеи рыбжьара аимадара рыбжьаҵара адгылара аҭара;
  • Астудентцәа реимдара, Аԥсни Урыстәылеи иҟоу иреиҳау аҵараиура аҵарадырратә еиҿкаарақәа, иԥхьагылоу атеатрал-лабаратә усбарҭақәа рҿы иреиҳау аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхреи рԥышәахысреи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;
  • Жәлар рырҿиара аганахьала аусеицура арҿиара, иара убас Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи арҿиаратә коллективқәеи хазы игоу анагӡаҩцәеи афольклортә фестивальқәа, ашәаҳәаратә ныҳәақәеи егьырҭ амузыкатә усмҩаԥгатәқәеи рахь урҭ ррегламент инақәыршәаны ааԥхьара рыҭара, иара убас аԥснытәии урыстәылатәи акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, жәлар рҟазара аусхкы аспециалистцәа жәларбжьаратәи асеминарқәеи аҟазара-аклассқәеи рылахәхара адгылара аҭара;
  • Аганқәа рҳәынҭқаррақәа рзакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсни Урыстәылеи рбиблиотекақәа рыбжьара ашәҟәқәа, апубликациақәа, апериодикатә ҭыжьымҭақәа реимдарала аимадара аҳәаақәа рырҭбаара адгылара аҭара;
  • Акинематографиа аусхкы аҿы аусеицура аиҿкаареи апроектқәа реицынагӡара алыршареи;
  • Апаритеттә ҭагылазаашьақәа рҿы урыстәылатәии аԥснытәи акино амшқәа рымҩаԥгара, Аԥсни Урыстәылеи акино азҟазацәа аҩ-тәылак рҿы имҩаԥгахо жәларбжьаратәи акинофестивальқәеи егьырҭ акино иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәеи рахь ааԥхьара рыҭара;
  • аҭоурых-культуратә ҭынха апопулиаризациеи аҳәынҭқарратә хьчареи, ареставрациа, аҭҵаара, уҳәа азҵаарақәа рыла аинформациа аимдара, иара убас ареставрациатә усурақәа, анаукатәи апрактикатәи асеминарқәа, аекспедициақәа, асимпозиумқәа, аспецалистцәеи аекспертцәеи реиԥыларақәа реицымҩаԥгара азҵаарақәа рыҭҵаара;
  • Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ажәларқәа рҭоурых-культуратә ҭынха аҭҵаара аус аҿы адгылара аҭара;
  • Ареспублика Аԥсны акультуреи аҟазареи русзуҩцәеи аофициалтә делегациақәеи Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа еидҵоу акультурақәа рфорум, Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум, С.В. Рахманинов ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апианинорҳәаҩцәа, акомпозиторцәеи адирижиорцәеи рконкурс, П.И. Чаиковски ихьӡ зху аконкурс, Жәларбжьаратәи абалет артистцәа рконкурс аҿы ралахәхара адгылара аҭара.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультуратә еимадара даҽа еиқәшаҳаҭрак ыҟамзар, абарҭ аҭагылазаашьақәа рҿы имҩаԥыслоит:

  • Идәықәызҵо Аган аколлективқәа, аделегациақәеи хазы игоу анагӡаҩцәеи жәларбжьаратәи рымҩасра амҩақьыра, аҩ-ганк рахь ареквизитқәа рыиагара, аҳазалхратә шәатәқәа, рҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аконсултәи аҳаирбаӷәазатә еизгақәа иацу ахарџьқәа, иара убас анагӡаҩцәа рџьаԥса рызшәареи амедицинатә бгаԥсеи ахахьы иагоит;
  • Издызкыло Аган атәылаҿы ишьақәырӷәӷәоу анормақәа инарықәыршәаны ахахьы иагоит иаауа арҿиаратә коллективқәа, аделегациақәеи хазы игоу анагӡаҩцәеи рнырхареи рыкрыфара аиҿкаареи, издызкыло аҳәынқарра иахьаҵанакуа  аҟазаара апрограмма инақәыршәаны атранспорттә харџьи  аконцерттә плошьадкақәа рыла аиқәыршәареи, ихымԥадатәиу атехникатә еиқәыршәагақәа зцу ацәыргақәҵатә залқәеи атехникатәи ацхыраагӡатәи аперсонали рыла реиқәыршәара, аҭыжьра-кьыԥхьратә аалыҵ аҟаҵара, амассатә информациа ахархәагақәа зегьы рҿы урҭ ирызку аинформациа аларҵәара, иаҭахханы иҟалозар, хырԥашьа змам амедицинатә цхыраара рыҭареи.

Амузеи афондқәа  рҟынтәи ацәыргақәҵақәеи ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵақәеи рыла аимадара аан урҭ рымҩаԥгара аҭагылазаашьақәа  еиҿызкаауа  инацҵаны иалацәажәоит.

Иарбоу Апрограмма ахархәара аиулоит ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза  31, 2028 шықәса аҟынӡа.

Ари аиқәшаҳаҭра акультуратә еимадареи атәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рзы амҩа ҿыцқәа аанартуеит.

Уи адагьы, Даур Ақаҩба Афорум апленартә еилатәараҿы дықәгылеит. Уаҟа иазгәеиҭеит, Урыстәыла адгылара ала Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҭашьақәыргылара шхыркәшахаз, Аҟәа ишаатыз «Аиааира акино» ацәыргақәҵа, нанҳәамзазы Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс театр аҿы аусура ишалагаз, Бахрушинтәи амузеии дареи еицырзеиԥшу апроект ала атеатралтә музеи.

Иара убас, «Астратегиатә аԥшьгаратә маҵзура» аусацуразы Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥгахоит.

Цәыббрамза анҵәамҭазы иазгәаҭоуп Ацәыргақәҵатә зал хада аартра, уаҟа имҩаԥгахоит раԥхьатәи ацәыргақәҵа «Аладатәи ажәҩан аҵаҟа».

 

 

 

 


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.