АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2024

С.У.Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра азгәаҭара азы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  І аҩаӡара акавалер Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75-шықәса аҵра азгәаҭара иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы аҳәынҭқарратә Коиссиа аԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхра зиҭо аҳәынҭқарратә Комиссиа аилазаараҿы иҟоуп:  

Кәарҷиа А. А. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы;

Бигәаа Б. В. – Очамчыра араион ахада;

Смыр Д. Г. –  Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо;

Ешба Б. Ф. – Аҟәа ақалақь ахада;

Амҷба А. В. –  Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭа ахада;

Багаԥшь З. С. –  Багаԥшь С.У. иԥа;

Агрба Е. Е. –  Аминистрцәа Реилазаара Аппарат агуманитартәи асоциалтәи азҵаарақәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы (акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ).


Read 282 times - Аԥшьаша, 15 Жәабран 2024 16:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.