Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь адәқьанқәа руак аҿы 4 860 цыра рҟынӡа Аԥсны акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа ироуз аоперативтә дырра ала имҩаԥыргаз аумҩаԥгатә иалҵшәаны Гәдоуҭатәи аџьармыкьа иахьаҵанакуаз 4860 цыра инарзынаԥшуа Аԥсны акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ ԥшааны рымхра мҩаԥган. Иарбоу атауар аҭира мҩаԥысуан ахәаахәҭратә обиект «Asorti Табак» аҿы.
Адәқьан зыхьӡала иҟоу, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Асорти» адиректор Хада, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩԥҳәыс Мельниченко И.В. лахь Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыгарақәеи рыҟәша ахь днеирц азы адырранҵа дәықәҵоуп.