АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2024

Едуард Быҭәба Ихымԥадатәиу Амедицинатә Ԥгаԥса Афонд ахантәаҩы Илиа Баланин диԥылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урстәылатәи Афедерациаҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәыла Ихымԥадатәиу Амедицинатә Ԥгаԥса Афонд ахантәаҩы Илиа Баланин диԥылеит.

Аганқәа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполис змоу Аԥсны атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса апрограмма ала Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа зегьы рыҟны технологиала иҳараку уахь иналаҵаны, зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара алыршара азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

 


Read 298 times - Аԥшьаша, 15 Жәабран 2024 15:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.