АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2024

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра: Иахьазы амцарцәаҩцәа абылра аҭыԥқәа рҿы амца дырцәеит, аха аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьазы амцарцәаҩцәа абылра аҭыԥқәа рҿы амца дырцәеит, аха аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.  Иҳаҩыз уахыки ҽнаки рыла Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ареспублика зегьы иахьаҵанакуа аԥсабаратә былрақәа рахь амцарцәаразы ицон. 

Агәылҩааи абнаҵеи иамҽханакыз амца арцәара мҩаԥысуан  Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гал араионқәа, Џьырхәа, Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Мықә, Шьашьикәара ақыҭақәа рҿы.

Аԥсабаратә мцакрақәа рцәырҵра аиҳарак зыхҟьо ауаа оуп. Анхацәа рынхарҭақәа, рымхурсҭақәа арыцқьарақәа ианрылагалак, агәылҩаа амца адыркоит, уи ԥшак асыр, амца рыцәцоит.  «Иахьазы амцарцәаҩцәа абылра аҭыԥқәа рҿы амца дырцәеит, аха ишьақәгылаз аҳауаԥхарра иахҟьаны аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит», ҳәа анхацәа ргәырҽанырҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа  рзы Аминистрра аусзуҩцәа. 

 

 


Read 213 times - Аԥшьаша, 15 Жәабран 2024 14:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.