АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Рашәара.2024

Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Новаки Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2024 шықәса рашәарамза 5-8 рзы Санкт-Петербург АЦӘЦ «Експофорум» аҟны имҩаԥысуа XXVII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум (ПЖӘАФ) далахәуп. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Иахьа, рашәарамза 6 рзы, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аслан Бжьаниеи УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки, Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглови, Ленинградтәи аобласт агубернатор Александр Дрозденкои, Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабирови, Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови, иара убас Аҩада Кавказтәи аокруг  ареспубликақәа рхадацәеи еиԥылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-ганктәи аекономикатә усеицура иадҳәалоу азҵаара хадақәа, аинвестициақәа, аинфраструктуратә проектқәа, атуризм, аҭҵаарадыррақәа аусхкқәа  рыҟны ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиара азҵаара убрахь иналаҵаны. 

Аиԥыларақәа ҩ-ганктәи аекономикатә усеицура арӷәӷәара ирызкын. 

Уаҵәы, рашәарамза 7 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥснытәи аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин дықәгылараны дахьыҟоу Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәхоит.

 

 


Read 172 times - Ахәаша, 07 Рашәара 2024 11:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.