АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Рашәара.2024

Аԥсны Шьамтәыла иҟоу ахәыҷтәы еиҿкаарақәа аус рыцура аганахьала азҿлымҳара аанарԥшуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Наамоа Шадуд дылԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аиԥылара аҿы Наамоа Шадуд  аиҿкаара ахықәкқәеи ахыдҵақәеи дрылацәажәеит, ахәыҷқәа рзы имҩаԥгахо еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, шьамтәылатәи аҿар рымаха-шьахатәи ринтеллектуалтәи зыҟаҵареи амилаҭтәии аморалтәии ахәдуқәа рыҿиареи рзы иҟарҵо дазааҭгылеит.

Муҳаммад Али, Аԥсны анапхгара аҿы ахәыҷқәа рыпроблемақәеи урҭ рзинқәа рыхьчареи ахшыҩзышьҭра арҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Шьамтәыла Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» аусура ахәшьара ҳаракы аиҭеит, насгьы аҩ-тәылак рыбжьара ахәыҷқәа рхылаԥшреи рзинқәа рыхьчареи аганахьала аусеицуа арҿиареи арӷәӷәареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.

 


Read 133 times - Ахәаша, 07 Рашәара 2024 10:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.