АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2024

Бзыԥҭа аҳаблаҿы агьамаеилыргаратә зал амца ацраҵара афакт ала аусеилыргара мҩаԥнагоит Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәшеиҵа Бзыԥҭа аҳаблаҿы агьамаеилыргаратә зал амца ацраҵара афакт азы аусеилыргара мҩаԥнагоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 164, ахәҭа 2 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура азы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп Краснодартәи атәылаҿацә инхо, аха аамҭала Бзыԥҭа аҳаблаҿы иҟаз ҩыџьа аҳәса – 1984 шықәсазы ииз Прокопенко Оксана Алексеи-иԥҳаи 1981 шықәса рзы ииз  Асророва Ольга Сергеи-иԥҳаи.

Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла ишеилкаахаз ала, лаҵарамза 23, 2024 шықәса, асааҭ 03:40 инарзынаԥшуа, Ольга Асроровеи Оксана Прокопенкои еицхырааны агьамеилыргаратә зал «Аҩцара» («Винный погреб») аԥхьакырҭа уада амца ацрарҵеит. Ари аобиект аԥшәма иоуз азарал аицҵалыҵ 2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иҟалаз амцакра иахҟьаны иблит иарбоу ахыбра, амаругақәа, иара убас ахыбра аҩныҵҟа иҟаз афатә аалыҵқәа.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьауӷаԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа ацәгьахәыцыҩцәа ааныркылеит.

Ари ацәгьоураҿы игәҩароу рганахьала ахьырхәра аҳасабала иалхуп аҭакра.


Read 164 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 15:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.