АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Рашәара.2024

Еилкаахеит XVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада заанаҵтәи аихшьаалақәа.

Аҟәа. Рашәарамза 04, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Еилкаахеит XVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада заанаҵтәи аихшьаалақәа. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз абаҩарҵәыра аусзуҩ Аслан Ҭаркьыл иажәақәа рыла, иахьазы  атлетика лас, ашахматқәа, абокс, аӡиудо, астолтә ԥкьаҭмпыл, асамбо, зхы иақәиҭу аиқәԥара реиԥш иҟоу аспорттә хкқәа рыла аихшьаалақәа ҟаҵоуп.

Имҩаԥгаз аицлабрақәа зегьы реихшьаалақәа рыла, аԥхьа игылоуп Аҟәа ақалақь (200 кәаҭала), аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Гагра ақалақь (184 кәаҭала), ахԥатәи аҭыԥ аҿы – Гәдоуҭа ақалақь (158 кәаҭала). Егьырҭ акомандақәагьы убасҵәҟьа ибзиоу аихьӡарақәа аадырԥшит. Убас: Гал - 156 кәаҭала, Ҭҟәарчал - 136 кәаҭала, Очамчыра – 134 кәаҭала,  Гылрыԥшь – 122 кәаҭала,  Аҟәа араион - 94 кәаҭала.

«Иахьа ҳара амҵәышәмпыли атлетика хьанҭеи рзы аицлабрақәа мҩаԥаагоит. Урҭ анхыркәшахалак ашьҭахь иаанхоит ашьапылампыли ашьапылампыл-маҷи, иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысреи аԥсуа милаҭтә хәмаррақәеи анапылампыласреи», - ҳәа иҳәеит Аслан Ҭаркьыл.

Лаҵарамза 26 инарн рашәарамза 21 аҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуеит  14 спорттә хкы рыла XVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада.

 


Read 144 times - Аԥшьаша, 06 Рашәара 2024 11:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.