Аҟәа. Лаҵарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниа XXVII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум рхы аладырхәраны иҟоуп.
Афорум мҩаԥыслоит Санкт-Петербургтәи Аконгресс-цәыргақәҵатә Центр «Экспофорум» аҿы рашәарамза 5 инаркны рашәарамза 8 ыҟынӡа.
Сынтәа имҩаԥысуа Афорум атема хаданы иҟоуп — «Еиуеиԥшым амчратә центрқәа рыҟазаара азԥхьагәазҭо, азинеиҟарарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеиеиҿкаара ашьаҭа – иҿыцу аҿиара ахырхарҭақәа рышьақәгылара» ( «Основа многополярного мира - формирование новых точек роста»).
Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аусутә программа 4 тематикатә хырхарҭак рыла ишьақәгылоуп:
– «еиуеиԥшым амчратә центрқәа рыҟазаара азԥхьагәазҭо, азинеиҟарарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеиеиҿкаара адунеитә економика»,
– «Урыстәылатәи аекономика: иҿыцу ацикл ахықәкқәеи ахыдҵақәеи»,
– «Аԥхьагылара алзыршо атехнологиақәа»,
– «Иҭышәынтәалоу ауаажәларратә еилазаара, традициала ишьақәгылахьоу аҵак ду змоу аилкаарақәеи асоциалтә ҿиареи – аҳәынҭқарра априоритетқәа».
Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит — 150 инареиҳаны атематикатә сессиақәа, уи рхы аладырхәраны иҟоуп 1000-ҩык инареиҳаны амодераторцәеи аспикерцәеи.