АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Рашәара.2024

Аԥсны Арбџьармчқәа рхысырҭатә дәы аҿы аҽазыҟаҵара-ԥышәатә хысрақәа мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза, 2024 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, иаалырҟьаны Аԥсны аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы аҟәшеиҵақәа ргәаҭара мҩаԥган.    Агәаҭарақәа анхыркәшаха ашьҭахь, АШәА  АУР ахатәы еилазаара Арбџьармчқәа рхысырҭатә дәқәак рҿы ахысрақәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит. Иарбоу аусмҩаԥгатә ахықәкы хаданы иҟан – аштаттә бџьари атехникеи арратә хархәара азы адыррақәа аус рыдулара, иара убас аҟәшеиҵа аусзуҩцәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусзуҩцәа аԥырҩы дызҭатәам аԥырратә аппаратқәа рырратә хархәара, анапытә атанкԥжәагатә гранатаршәгақәа рыла ахысра, адронқәа рхархәарала АГС-17 ҳәа изышьҭоу автоматтә гранатаршәга ала икылкааны ацәҟьа иақәышәаны ахысра, атраншеиақәа рҟынтәи ижәыло архәҭақәа реихсра, уҳәа убас иҵегьы.

Арратә ҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала имҩаԥысит, иқәыргылаз ахыдҵақәа зегьы рынагӡара алыршахеит, аҟәшеиҵа ахатәы еилазаара аиқәшәазаареи аҽазыҟаҵареи иҳараку рыҩаӡара аадырԥшит.


Read 114 times - Аԥшьаша, 06 Рашәара 2024 11:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.