АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2024

Шьамтәыла атәылауаҩ Халил Амер иганахьала ашьаустә материалқәа рыхәаԥшра хыркәшоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 4, 2024 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы Шьамтәыла атәылауаҩ Халил Амер иганахьала ашьаустә материалқәа рыхәаԥшра хыркәшахеит. Халил Амер иганахьала «ауаҩы гәымбылџьбарала цәгьаԥсышьа иҭара» ахәҭаҷ ала идыз ахара шьақәырӷәӷәахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Ԥхынҷкәынмза 19, 2023 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы, ижәны иҟаз Халил Амер игәылаԥҳәыс Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩԥҳәыс Лиутова О. В иареи  ажәа анеимарк ашьҭахь игәы ааибаган аҳәызбалеи амаркатыли рыла уи  87-нтә илылаҵаны ахәрақәа лниҵеит, иара убри ала аԥҳәыс цәгьаԥсышьа лиҭеит.

Комплексла имҩаԥгаз аӡбара психологиа-психиатриатә експертиза Халил Амер  психикала дышҭышәынтәалам, ихшыҩ шеилагаз, убри аҟнытә ихымҩаԥгашьа дшазымиааиуа аанарԥшит. Аҳақьымцәа уи иара ихазы еиԥш иааикәыршаны иҟоу рызгьы акыр дышәшәаҭоу шьақәдыргылеит.

Халил Амер Ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭа, ахылаԥшра ӷәӷәа ахьыҟоу аҟәша аҿы ахәышәтәра иқәырҵеит.  

 


Read 134 times - Аԥшьаша, 06 Рашәара 2024 14:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.