Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахьиӡе Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ҩаԥхьа Қырҭтәыла аилазаара ахь ирхынҳәтәуп ҳәа иҳәамҭа ахҳәаа ҟанаҵеит.
«Еилкаауп, ас еиԥш апопулисттә ҟазшьа змоу аҳәамҭақәа ааигәа имҩаԥысраны иҟоу апарламентә алхрақәа раламҭалазы ишыҟаҵоу, насгьы урҭ, раԥхьа иргыланы аҩныҵҟатәи аудиториа ишазырхоу. Қырҭтәыла анапхгара Ареспублика Аԥсны Қырҭтәыла шьҭахьҟа азырхынҳәра азы изеиԥшразаалак аҽазышәарақәа зегьы лҵшәадахоит, урҭ аперспектива злам усуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәаа аҿы.
Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа Ареспублика Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ишыҟоу, уи ахатәы суверенитет арӷәӷәара амҩа ишықәу азы даҽазныкгьы аҳәамҭа ҟанаҵоит.
«Аԥсны жәлар рхатәы мҩа алырхит, Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет изеиԥшразаалак аиҭахәаԥшра зыҟалаӡом», - ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны.