АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Лаҵара.2024

Аԥсны имҩаԥысуеит Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны имҩаԥысуеит 14 спорттә хкы рыла  ХVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада.

Аспартакиада аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит амҽыша, лаҵарамза 26, Ареспубликатә стадион аҿы.

Лаҵарамза 26 - 28 аҟынӡа атлетика лас азы аицлабрақәеи мҩаԥгахоит (Ареспубликатә стадион аҿы) ашахматқәа рзы аицлабрақәа мҩаԥысуеит (А. Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы).

 Лаҵарамза 29 – 31 рзы –  абокс азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә абокси аиқәԥареи рышкол аспортзал).

Лаҵарамза 29 – 30 рзы  –  аӡиудо азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Аҟәатәи Афымцатә Станциа иатәу азал аҿы).

Рашәарамза 1 - З рзы –  астолтә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәеи (Ареспубликатә Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аспортзал) зхы иақәиҭу аиқәԥара азы аицлабрақәеи (аспортзал «Гәымсҭа»).

Рашәарамза 1 – 2 рзы – самбо азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Аҟәатәи Афымцатә Станциа иатәу азал аҿы).

Рашәарамза 3 – 7 рзы – ашьапылампыл азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (астадион «Динамо»).

Рашәарамза 4 – 5 рзы – атлетика хьанҭа азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит.  (ақыҭа Калдахәара, ашкола-интернат аҿы ).  

Рашәарамза 8 – 12 рзы – амҵәышәмпыл азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Ареспубликатә Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аспортзал).

Рашәарамза 13 – 16 рзы – ашьапылампыл маҷ азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (ашьапылампылтә дәқәа №1; №2). 

Лаҵарамза 17 – 18 рзы – ахыци ахәымпали рыла ахысра азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (ахысырҭа «Афырхы» аҿы),  иара убас аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыла аицлабрагьы мҩаԥгахоит   (Н. Курченко лыхьӡ зху апарк аҿы).  

Рашәарамза 17 – 21 рзы – анапылампыл азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит (Ареспубликатә Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аспортзал аҿы).              


Read 173 times - Аҩаша, 28 Лаҵара 2024 05:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.