Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаатәи аекономикатә Форум-2024 аусуратә программа 4 тематикатә хырхарҭа рыла ишьақәгылоуп:
– «Аиҟарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеитә економика ахь аиасра»;
– «Урыстәылатәи аекономика: иҿыцу ацикл ахықәкқәеи ахыдҵақәеи;
– «Аԥхьагылара алзыршо атехнологиақәа»;
– «Иҭышәынтәалоу ауаажәларатә еилазаара, итрадициатәу ахәдуқәеи асоциалтә ҿиареи – аҳәынҭқарра априоритетқәа роуп».
Апрограмма аҿы иҟоуп — 150 инареиҳаны атематикатә сессиақәа, урҭ рхы аладырхәраны иҟоуп 1000-ҩык нареиҳаны амодераторцәеи аспикерцәеи.
Афорум рхы аладырхәуеит Аԥсны, Азербаиџьан, Африка, Венесуела, Индиа, Иран, Ҟазахсҭан, Китаи, Ҟыргызсҭан, Оман, Евразиатәи аекономикатә Еидгылара иаҵанакуа атәылақәеи Алада-Мрагыларатәи Азиа атәылақәа Рассоциациеи (ЕАЭС — АСЕАН).
Афорум ахь 128 тәылеи аҵакырақәеи рҟынтәи 12 000-ҩык инареиҳаны ауаа раара иазыԥшуп. Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиуразыадҵаалара ҟалоит абри асаит: https://roscongress.org/news/spief-2024-business-programme-published/