pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәаза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аиԥылара мҩаԥигеит Евразиа ажәларқәа рассамблеиа анапхгаҩы Андреи Белианинов зхадараҿы дыҟаз аделегациа алархәны.

Аслан Бжьаниеи Андреи Белианинови ашықәсҿыцазтәи адныҳәаларақәеи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы азеиӷьашьарақәеи еимырдеит.

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан аусеицуразы агуманитартә ҟазшьа змоу ахырхарҭақәа ирыдҳәалаз азҵаатәқәа.

«Уажәы шәнапы злаку азҵаарақәа акырӡа рҵакы дууп, ажәларқәа реизааигәатәреи аинтеграциатә процессқәа ралыршареи ирызкуп аҟнытә», - ҳәа  иҳәеит Аслан Бжьаниа, аусеицуреи аиҩызареи рырӷәӷәара аус аҟны жәлар рдипломатиа аҵакы азгәаҭаны.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақьырсиантә ныҳәа дуқәа ируаку – Иаса Қьырса Иӡаахра Амшныҳәа иаԥхьанеиуа ахәылԥаз ажьырныҳәамза 18 иақәшәоит.  Ари ауха, ишаԥу еиԥш, ақьырсианца ачарыц иалху ацхеи ашәырҩеи зларҵо ачгьахьачыс хаа ҟарҵоит. Ари ачыс жәытә–натә аахыс аиҭаҿиара, ахҵәырахылҿиаара, аԥсҭазаара ахацыркра символра азнауан.  

Ари амш ауха аӡы аԥшьара мҩаԥысуеит. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы.

Анцәа дхазҵо ауахәамақәа рҿы еизоит иԥшьоу аӡы ргарц азы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит, изҩыдоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убас ари аӡы ԥхасҭахаӡом ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Иара шьыжьхьа уфаанӡа, улахь-уџьымшь ӡатәны, Анцәа иахь уныҳәа-ныԥхьаны  ҿамҩак-ҩамҩак ужәлар ауп. Адин ныҟәызго ақьырсианцәа ачгара иҵоуп, убри аҟнытәи дара абжьааԥны ари ахәылԥаз «амла иакуа ахәылԥаз» ҳәа иашьҭоуп.   Мацара иуфар иҟало хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ачгьахьатә чыс ауп. Ас еиԥш акрыфараҿы аҽынкылара ажәытәан Аҽӡаахра аламҭалазы ауаа зынӡа афатә адкылара мап ахьацәыркуаз ауп изыдҳәалоу.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәсазы имҩаԥысит Ареспублика Аԥсны аӡбаҩцәа Рԥышәаратә комиссиа аилатәара.   Аусмҩаԥгатә аӡбаҩ имаҵураҭыԥ аанкыларазы аквалификациатә ԥышәара адкылара иазкын.  Аквалификациатә ԥышәара аҭирахь инашьҭын х-кандидатк – Ҵәыџьба Денис Владимир-иԥа, Гаидуков Ҭемыр Владимир-иԥа, Ҳагәышь Есма Анатоли-иԥҳа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи атәылаҿацә абаҩарҵәыреи аспорти Рминистрра Адҵа ала аԥснытәи ашаахматистка Сарида Лакәатааԥҳа раԥхьатәи аспорттә разриад ланашьахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз аҵаратә план инақәыршәаны,  Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу апрофильтә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аԥснытәи 2, 4-тәи акурсқәа ркурсантцәа  Аԥсны аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа араионтә ҟәшеиҵақәа рҿы амаҵзуратә практика иахысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминитр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган атәыла Анапхгара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәараҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара,  2023 шықәсазы атәыла Анапхгара иаднакылаз Ақәҵарақәеи Адҵақәеи рынагӡара, иара убас ҿыц иаԥҵоу Аԥсны аенергетикеи атранспорти Рминистрра ашьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны азинмчы аиуит аникотин злоу аалыҵқәеи аҭаҭын аалыҵ ҭзыжьуа ахәаахәҭратә маркақәеи рӡыргара алзмыршо азакәан.  

Ԥхынҷкәынмза 2023 шықәсазы Апарламент аӡыргара азы азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.  

«Аӡырга азы» азакәан ахәҭаҷ 16 , ахәҭа 2.1 аҿы иаҳәоит: «Аҭаҭын, аникотин злоу аалыҵқәа, ахагатә хархәагақәа, аҭаҭынжәгақәеи ацигаркьаади амцаркыгақәеи аникотин злоу аалыҵ ахархәаразы аиқәыршәагақәеи уахь иналаҵаны, иара убас аҭаҭынтәи аникотин злоу аалыҵи  ҭзыжьуа ахәҳаахәҭратә маркақәа рӡыргаразы азин ыҟаӡам.  Азин ыҟам аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵи  аҭаҭынахаратә маругақәеи, аҭаҭынжәгақәа, ацигареҭқьаад, амцаркыгақәа, акалианқәа, уҳәа уахь иналаҵаны рӡыргара».

Иара убас иарбоу азакәанԥҵара аилагара азы асанкциақәа рӷәӷәоуп.

Аԥсны Админитративтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 1651 инақәыршәаны, аӡыргаҭаҩы, аӡыргамҩаԥгаҩ, мамзаргьы аӡырга аларҵәаҩ ила аӡырга азы азакәанԥҵара аилагаразы административтә хараԥса аршәара  азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭалаз ашықәс мышқәак рыҩныҵҟа амҩатә-машәырқәа хәба ҟалеит, урҭ ирыхҟьаны ԥшьҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, ҩыџьа ҭахеит. Абри азы ахаша, ажьырныҳәамза 17 рзы имҩаԥгаз аҳасабырба-зԥхьагәаҭаратә еилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Валентин Траԥшь.   

Ижәны автотранспорт аԥсҟы зкыз рганахьала 86 административтә  материал еиқәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит. 

Ҳазҭалаз 2024 шықәса 15 мыш рзы имҩаԥгаз аусура аҳасабырба ҟаҵо иқәгылеит иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа ртерриториатә усбарҭақәа  Аҳәынҭавтоинспекциа аҟәшақәа рнапхгаҩцәа. 

Амҩаҿы аныҟәара аганахьала зегь реиҳа азинеилагарақәа шьақыргылоуп Аҟәа ақалақь аҿы.  Урҭ рыла еиқәыршәоуп 487 ԥкаанҵа, 27-ҩык амашьанарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы административтә хьрыхәра иақәыршәоуп. Иҳаҩсыз ҩымчыбжь рзы аҳҭнықалақь аҿы иӷәӷәоу ахҟьаԥҟьақәа змоу амҩатә машәыр ҟамлаӡеит.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ишазгәеиҭаз ала,   аҳҭнықалақь Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аусура ахаҭабзиара ӷәӷәала ианыԥшуеит кадрла азымхара аҟазаара.    

Аҳәынҭавтоинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иарбоу азҵаара аӡбаразы ихадоу ахырхарҭақәа азгәеиҭеит.  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ауадаҩрақәа ахьыҟоу ахырхарҭақәа азгәаҭаны аусура арӷәӷәаразы анапынҵақәа риҭеит.

Гәдоуҭа араион аҿы аԥстәбара зцыз амҩа-транспорттә машәырк ҟалеит, иаарԥшуп 151 инарзынаԥшуа амҩатә ԥҟарақәа реилагалара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 10 – арыжәтә џьбара ыжәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра иадҳәалоуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аиҳарак амҩатә машәыр ахьыҟало ҭыԥны Гәдоуҭа араион ахьалкаахаз инамаданы, аминистр ахылаԥшырҭа атехикатәа маҵзура амҩатә ԥҟарақәа реилагара азгәаҭара иазку автоматизациа зызу акамера ҿыцқәа рышьақәыргыларазы адҵа ҟаиҵеит.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама адинмаҵзуҩцәа  – аиереи Виссарион, аиереи Долмаҭ, аиеромонах Давид дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы Аԥсны ақьырсиан уахәамақәа рреставрациа азҵаара иалацәажәеит. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны анапхгара ала Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аобиектқәа реиқәырхареи рреставрациеи рзы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы еиҭеиҳәеит.

«Мықәтәи акафедралтә уахәама ахыб аԥсахразы аусурақәа маҷк ада  ахыркәшарахь инеиуеит»,  – ҳәа аиԥылара иалахәыз адырра риҭеит Алеқсандр Анқәаб.

Алеқсандр Анқәаб иажәақәа рыла, ахыркәшарахь инеиуеит Мықәтәи ауахәама ахыб аԥсахразы аусурақәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа артиллериа зеихсуаз, иара убри аҟнытә ааха ӷәӷәа зауз Бедиатәи ауахәама ахыб аԥсахра иаздырхиоит.

Аԥыза-министр Аиашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа аҳәынҭқарра аринахысгьы ажәлар рдоуҳатә-материалтә ҭынха аиқәырхаразы иалшо зегьы шыҟанаҵало азы агәра диргеит. Хара имгакәа, ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб, Аиашахаҵаратә Уахәамеи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә Усбарҭеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ақьырсиантә ргылараҟазара иаҵанакуа егьырҭ акульттә хыбрақәа рҿгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа  аҳазалхратә ԥаԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы автомашьына Toyota асалон агәаҭараан ирыԥшааит иагьрымырхит  5 200 цыра еиҳаны ашәҟәы иҭагаламыз аҭаҭын аалыҵ.

Аԥсныҟа иарбоу аҭаҭын аалыҵ аиагара иҽазишәеит Аԥсны атәылауаҩ Ҭырқьба А.А.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.