
pressadmin-2
Аԥсны аԥсаҵла Хада аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 22 рзы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсаҵла Хада аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә «Мышьҭабзиала» мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 22 рзы Ахақәиҭра Ашҭаҿы.
«Аԥсаҵла Хада аатра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥаагоит. Сынтәа ҳара еиҳа акшыҩзышьҭра раҳҭоит ахәыҷқәа. Уи инамаданы еиҳахоит ахәыҷтәы усмҩаԥгатәқәа реиԥш аныҳәатә усҩаԥгатәқәа ирылахәхәо рхыԥхьаӡарагьы. Ҳара ааԥхьара раҳҭеит ахәыҷтәы вокалтә студиақәа змоу аестрадатә шәаҳәаҩцәа. Урҭ маҷҩымкәа иҳамоуп. Арҭ астудиақәа ирҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа, урҭ зегьы ашықәсҿыцтәи асценаҿы иқәгылоит. Аныҳәа даара иԥшӡахоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа анапхгаҩы Наала Ҳашыг.
Ԥхынҷкәынмза 22 рзы авокалтә студиақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рнаҩс рҟазара ҳдырбоит ахәыҷтәы акәашаратә коллективқәагьы – Аҟәатәи аҟазара Ашкол аҟынтәи бреик-данс агәыԥ, ансамбльқәа «Иаирума», «Абаза», «Кәыдры».
Аԥснытәи аспортсменцәа Владимир Радионов игәалашәара иазкны имҩаԥгаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы IX Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аԥхьахәқәеи аиааирақәеи ргеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алан Герзмааи Леонид Арсҭааи аиааира ргеит, Дамеи Кархалаа аџьазтә аԥхьахә игеит Асовет Еидгыла ачемпион Владимир Радионов игәалашәара иазкны имҩаԥгаз зхы иақәиҭу аиқәԥара азы IX Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Аԥсны агәычымазара ахәшәтәра иазку иҿыцу ахәшә «Фортелизин» аӡыргара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Инфаркт миакарда», «ишемически инсульт» ҳәа изышьҭоу агәычымазарақәа, рыхәшәтәра иазку ҿыц ицәырҵыз ахәшә аӡыргаразы Аԥсныҟа иааит Ростов-на Дону, Краснодар ақалақьқәа рҟынтәи аҳақьымцәа рделегациа. Аӡыргаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Аԥснытәи амедицинатә еилазаара ахәшә «Фортелизин» деилыркаара азы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Арегионалтә агәы-шьадатә чымазарақәа Рцентр адиректор, иреиҳаӡоу акатегориа змоу аҳақьым-акардиолог, амедицинатә наукақәа ркандидат, Ростовтәи аобласти Аладатәи Афедералтә округи акардиолог хада Алеқсеи Хрипун.
Иарбоу ахәшә аҷыдаҟазшьақәа, ахәышәтәратә лшарақәа, уи ахархәара аԥышәа, уҳәа рыҭҵаарақәа рылҵшәақәа далацәажәеит аневрологиа, азы Ростовтәи аобласт агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист хада, Ростовтәи аобласт ахәышәтәырҭа иатәу Арегионалтә агәы-шьадатә чымазарақәа Рцентр зыхшыбаҩтә шьаныҟәара еиԥҟьоу ачымазцәа рзы аневрологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Кладова. Лара, аҭҵаарақәа ишаҳнарбаз ала, иарбоу ахәшә «Фортелизин» здызкылаз аишемиатә инсульт захьыз ауаа рҟынтәи 50% рҟынӡа ианрыдыркыла инаркны 90-мшы ашьҭахь ибзиоу аиҭашьақәыргылара апроцесс аарԥшхоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. (адырақәа rls.net).
Аҟәа ақалақь аҿы Ашықәс Ҿыц-2024 ишаԥаԥыло.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба ашықәсҿыцтәии қьырсатәи аныҳәақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Аҳҭнықалақь ахада иқәҵара инақәыршәаны, Ахақәиҭра Ашҭаҿы асувенирқәа, ахәмаргақәа, ачиԥсқәа, ачарҩақәа, апиротехника, арбыжкратә компонентқәа злоу аенергетикатә, рыжәтәқәа, ақьырсантә глинтвеин уахь иналамҵакәа арыжәтә џьбарақәа, аҭаҭынтә, мамзаргьы егьи, аникотин злоу аалыҵқәа, акалианқәа уҳәа егьырҭ аникотин ахархәара иазку ашьақәгылагақәа, иара убас амалакәырқәа, амаланыҟәақәа, ахәыҷтәы дәыӷбақәеи афымцамашьынақәеи қьырала рыҭара.
Ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программақәа мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 23 – 30, асааҭ 17:00 рзы инеимда-ааимданы аҳҭнықалақь араионқәа рҿы: Алашарбага аҳабла (абжьаратә школ №8), Адыгаа рымҩала, «Турбаза» аҳабла (абжьаратәи ашкол №14), аҳабла «Синоп» (Аҟәатәи Афизика-техникатә Институт) (СФТИ), адепо араион, аҳабла «Кинопрокат» (Ахан), Аихамҩатә ҳабла (Ажәытә ҳабла) (Пиатачок), Аҳабла Ҿыц (апарк аҿы).
Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа идырбалеит иагьимырхит изакәанымкәа иныҟәигоз абџьар.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит аҳҭнықалақь аҿы инхо, 1978 шықәсазы ииз Џьумутиа Даур Раули-иԥа.
Џьумутиа Даур зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭараан азинхьчаҩцәа ирыԥшааит 8 патронак зцыз, ихысратәы аус еиҭазыдулоу «Макаров» итапанча. Аекспертиза алҵшәақәа рыла, атапанча еибагоит, ахысразы ихиоуп, апатронқәа ракәзар, урҭгьы еибашьыгатәуп.
Роберт Киут идҵа инақәыршәаны ареспублика аҿы ашәарҭадара апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа рӷәӷәахоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Ахылаԥшырҭа Аппарат Хада аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Иара амҩатә ԥҟарақәа еилазго рхьырхәра арӷәӷәара иазкны амассатә реидтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Иара убас атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгараан ашәарҭадара рӷәӷәахоит.
Аилатәара аҿы ареспублика иахьаҵанакуа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара иазкны имҩаԥысуа изаамҭанытәиу аусура азы ажәахә ҟаҵан. Иарбоу ахырхарҭала аусура еиҳагьы ирџьбаратәуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Аминистр иара убас абарҭ адҵақәа ҟаҵеит:
Очамчыра ақалақь аҿы ӡыла аиқәыршәараз асистема аиҭашьақәыргылара изаамҭанытәиу аетап хыркәшоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Очамчыра ақалақь ӡыла аиқәыршәара еиԥҟьоуп, уи графикла ауп ишымҩаԥысуа. Ари апроблема уажәы акәӡам ианцәырҵыз: Очамчыра ӡыла аиқәыршәаразы асистема шьақәыргылан1976 шықәсазы, уи аахыс аремонт азуымызт.
Атәыла анапхгара Очамчыра ақалақь ӡыла аиқәыршәаразы асистема етап-етапла шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аӡбамҭа аднакылеит. Актәи аетап аҿы иҿыцу аӡеизакырҭатә станциа ргылан, аҩбатәи аетап аҿы аӡеихшарҭатә еизакырҭа аиҭышьақәыргылара мҩаԥган. Иахьанӡа араҟа аӡҭарчыеизакырҭак акәын аус зуаз, уи иахҟьаны ақалақь инагӡаны ӡыла аиқәыршәара еиԥҟьан. Ахԥатәи аетап аҿы ақалақь аӡымҩангагақәа ԥсаххоит.
Аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡеихшарҭатә еизакырҭа аҩныҵҟа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара мҩаԥган, иажәхьаз ашьых амхны ирҿыцын, аӡеизакырҭа ашьаҭа аҿы аӡыҭакыга ҟаҵоуп, аҭыӡқәа ҿыцны ишьыхуп. Акапиталтә ргылара атехникатә хылаԥшра анџьныр Алиас Ахба иажәақәа рыла аамҭак ала иара ашахта аҿгьы аусурақәа мҩаԥысуеит: аӡеихшарҭа зегьы аиҭарҿыцра иаҿуп.
«Аӡеихшарҭатә еизакырҭа зегьы аиҭарҿыцра иадҳәалоу аусурақәа рынагӡара зынӡа аинвестпрограма ахархәагақәа рҟынтәи иақәхарџьхеит 15,5 млн. мааҭ», - ҳәа иҳәеит Алиас Ахба.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз Аԥсны атәылауаҩ иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 6 рзы аҵхақәҭан Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Шәачантәи Аҟәаҟа иааргеит Донбасс ахақәиҭразы иҭахаз, 1986 шықәсазы ииз Хариашвили Ҭемыр Амиран-иԥа иԥсыбаҩ.
Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан ҿыц иаадыртит астадион-маҷ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу астадион-маҷ аартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 7 рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Уаанӡа ари аҭыԥ аҿы ахыбра абаҩ акәын игылаз. Иахәҭоу аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ашьҭахь адәы аҿы иԥсабаратәым ақәҵа шьҭарҵеит, арлашагақәеи аҭахкааратә каҭақәеи шьақәдыргылеит.
Аилазаара «Очамчыраргылара» адиректор Саид Адлеиба иажәақәа рыла, аконтракт инақәыршәаны, астадион-маҷ хы-шықәса ирҭагӡаны џьара еиԥҟьарак амамкәа аус аулароуп.
Ақыҭаҿы аспорттә плошьадка аҟамзаара араатәи ахәыҷқәа рзы акыр апроблемақәа цәырнагон, урҭ ахәмаррақәа рылахәхаразы ақалақь ахь ицар акәхон. Аҳәынҭқарра Ахада, атәыла Анапхгара, адепутат иҳарҭаз ахацҵгылара иабзоураны ашколхәыҷқәа шьҭарнахыс аспорттә ҽазыҟаҵарақәа рзы зеиӷьаҟам аҭагылазаашьақәа рымазаауеит.
Ԥхынҷкәын 5 инаркны 8 рҟынӡа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зынӡа ирылган 133 цыра амаининг шьақәгылагақәа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадаеи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аузуҩцәеи Аҳәынҭстандарти, Ашәарҭадаратә маҵзуреи агәаҭарақәа анеицымҩаԥыргоз, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан, абнара иахьаҵанакуа ирбеит 96 акриптовалиута арҳара иазку ахархәага ахьаҿакыз амаининг-ферма. Арҭ ахархәагақәа зтәыз административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан иарбоу аппаратқәа зегьы афымцацәаҳәа «Амшынеиқәафымцамч» иаҿакын, уи афымцамч ахархәара 124 кВт⋅с. инаӡоит. Аԥшәма Кекелиа Ҭемыр Гәырам-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 96, ахәҭа 2, азгәаҭа 1 инақәыршәаны административтә хараԥса иқәҵоуп. Ахархәагақәа ықәганы Аҳәынҭстандарт аҵәахырҭа ҷыдахь инаргеит.
Очамчыра араион Аҭара ақыҭан Артур Керапет-иԥа Зеитуниан идырбалеит иагьимырхит акриптоԥара арҳаразы изықәгылаз 10 аппаратк.
Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа 1-тәи аҟәша азинмчы змоу ацуҭа милициа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь, Арцах амҩаҟны инхо Ахба Денис Рамин-иԥа инхарҭаҟны ирыԥшааит 11 аппарат. Аппаратқәа аҿыхуп, Аҳәынҭстандарт иатәу иҷыдоу ашьҭаҵарҭаҿы инагоуп.
Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан акриптовалиута арҳара иазку ф-аппаратк рыԥшааит уажәы аус зымуа Гагра ақалақь аунивермаг ахыбраҿы. Аԥшәма Головин Артур Виктор-иԥа ахархәагақәа имхуп.