АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2024

2024 шықәсазы Аԥсныҟа атуристцәа раара аизҳара азгәаҭоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 25,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара иадҳәалаз азҵаарақәа ирызкны инарҭбааз аиԥылара мҩаԥигеит

Аизара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаа, аԥыза - министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, агәабзиахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарра ашәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа, еишьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа.

Аизара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҭакԥхықәратә еилазаарақәа зегьы атуристтә аамҭа ишахәҭоу еиԥш разыҟаҵареи русеицуреи ртәы. «Ҳара ҳтәыла алшара ду амоуп, ари аусхк аекономика ахырхарҭа хадақәа ируакуп, асоциал-економикатә ҿиара алагала ду анаҭоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара аус шымҩаԥысуа ала ажәахә хада ҟаиҵеит атуризм аминистр Ҭемраз Хышба.  Иара иазгәеиҭеит 2024 шықәса рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара наӡарц ахьынӡалшо,  аԥсшьаҩцәа здызкыло ахыбра ҿыцқәа рхыԥхьаӡара, ашьҭаларҭатә ҭыԥқәа, аусурҭатә ҭыԥқәа. «Ҵыԥхтәи арбагақәа рыла, 1, 4 млн. ҩык аԥсшьаҩцәа ыҟазҭгьы, сынтәа 2024 шықәсазы атуристцәа раара аизҳара азгәаҭоуп. Атуроператорцәа иҟарҵо азгәаҭақәа рыла, Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа 15% инаркны 25% аҟынӡа еизҳауеит», - ҳәа иҳәеит Ҭемраз Хышба. Иара убас иазгәеиҭеит,  ажьырныҳәамза 1 инаркны аномертә фонд ишартәо 46 275 ашьҭаларҭатә-ҭыԥ, аԥсшьаҩцәа здызкыло аобиектқәа 1025 шыҟоу.

Ҭемраз Хышба инарҭбааны дазааҭгылеит атуристтә усхк аҿиаразы иҟаҵоу раԥхьатәи ашьаҿақәа. Иара убас иҳәеит, иҟоу ауадаҩрақәеи урҭ рыӡбашьеи ртәы.

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит  аҿиареи асистематә усуреи рыплан ашьақәыргылара иамоу аҵак ду.

Аизараҟны ирылацәажәан аԥсшьаҩцәеи акурорттә хыбрақәеи ршәарҭадара азҵаара; аҳәаа ахысра, аквалификациатә кадрқәа рыҟамзаара, анхарҭатә коммуналтә усбарҭа аусзцәа разымхара уҳәа.

Ирзыӡырҩын аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Иҷыдоу  аҭагылазаашьа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, иара убас администрациақәа рхадацәа ражәахәқәа.

Аслан Бжьаниа аусбарҭақәа рхадацәа дасу рнапы иану аилазаарақәа иалкаау адҵа риҭеит.

 


Read 246 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.