pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза  7 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара амшхәаԥштә иалагалоуп  18 зҵаара.  

Адепутатцәа актәи аԥхьараҿы иахәаԥшраны иҟоуп абарҭ азакәан апроектқәа:

«2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы»;

«Аԥсны арепатриациа Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны Амҩатә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,    

«Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны ихымԥадатәиу амедицианатә бгаԥса азы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса 11 мзы рыла Аԥсны абиуџьет ахь иалагалан 3,3 млрд мааҭ инареиҳаны аҳазалхратә шәарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.

11 мзы рзы иҟоу арбагақәа планла иарбаз аасҭа 742 млн мааҭ рыла еиҳахеит. Уи шазҭоу ашықәс азы планла иарбаз аасҭа 129% рыла еиҳауп.

Ҵыԥхтәи ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа иалагалан 671 млн мааҭ рыла еиҳаны, усҟан 11 мзы рыла иалагалан 2,6 млрд. 672 млн. мааҭ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵала ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы амаинингҿагыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит. Убас, Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи  Аҳәынҭстандарти, Ашәарҭадаратә маҵзуреи ԥхынҷкәынмза 4 рзы агәаҭарақәа анеицымҩаԥыргоз  Очамчыра араион аҿы ирбеит 29 хархәага. Арҭ ахархагақәа зтәыз административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Ахәҭакахьала, 24 маруга рыԥшааит Мераб Қацәба иҟны, 2 - Баҭал Кархалаа иҟны, 3 - Мераб Кверквелиа иҟны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы анаркотикқәа рконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәа  Адлер, Ганрацәалатәи автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Пункт аҿы дааныркылеит  31-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ. Уи идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар зҭаз аилаҳәара, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедаралтә ҳазылхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.    

Имҩаԥгаз аекспертиза ишаанарԥшыз ала, ахаҵа имхыз амаҭәашьар – «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар ауп. Уи акапан - 0, 16 грамм рҟынӡа инаӡоит.  

31 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иганахьала анаркотикқәа ркантробандаз ашьаус хацыркуп. Иара дырбаандаҩуп.

Иҟаиҵаз ацәгьоуразы Аԥсны атәылауаҩ быжьшықәса ихақәиҭра иалхәыдатәреи миллионк рҟынӡа ахараԥса иршәареи дақәыршәахар ҟалоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 25 рзы имҩаԥысуеит  аԥхьахә «Аԥхьагылаҩ қәыԥш» анашьара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә. Абри азы адырра ҟанаҵоит иарбоу аусмҩаԥгатә еиҿызкаауа аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аԥхьахә «Аԥхьагылаҩ қәыԥш» Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа иранашьахоит.

Уажәы ихыркәшахахьеит азыҳәамҭақәа  ралаҵара актәи аетап. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭеилакы азыҳәамҭа ала зықәра 30 шықәса еиҳам хҩык-хҩык аусзуҩцәа алыркааит.

Анаҩстәи – ахәшьараҟаҵаратә етап аҿы акомиссиа урҭ рҟынтәи аӡәаӡәа алыркаауеит.  Аҳамҭақәа рыҭахоит иара убас Аԥсны иреиӷьу аспортсменцәагьы.

Аԥхьахә «Аԥхьагылаҩ қәыԥш» символс дыҟоуп Нарҭ Сасрыҟәа – Нарҭаа репос афырхаҵа хада.  

Асимвол автор – асахьаҭыхҩы Мадина Бигәааԥҳа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов диԥылеит.

«Аԥсны-урыстәылатәи аусеицзура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара азҿлымҳара ду аҳҭоит аҵараиуреи аҭҵаарадыреи рхырхарҭала Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Округ аус ацура. Агәра згоит ари аусура аԥхьаҟа иҵегьы аҽшарҭбаауа», - ҳәа асас аԥсшәа иаҳәо иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Дмитри Беспалов Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аусура алҵшәақәа рзы.

Иара иҟаиҵаз адыррала, 2014 шықәса инаркны ауниверситет активла аусура мҩаԥнагоит Аԥсны аҵара асистема арҿыцразы. Абри аамҭа иалагӡаны, ареспублика аҵараиура Аминистрра алархәны аҵараиуразы азакәан апроект аус адаҳулеит,  уажәы иара Апарламент аҟны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа  анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы дыгәҩароуп ҳәа Москватәи аобласт аҿы инхо ахаҵа дааныркылеит.

1975 шықәсазы ииз Огариов Свиатослав Михаил-иԥа ихатәы машьынала Приморск ақыҭан ауаҩы иахьиҿырхасырҭам аҭыԥқәа рҿы имаӡоу ашҭаҵарҭақәа рҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа шьҭаиҵон. Убас, иара Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан анаркотикқәа анышьҭеиҵуаз аамҭаз дааныркылеит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Иара хаҭала игәаҭараан амилициа аусзуҩцәа идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар зҭаз 15 еилаҳәара. Уи анаҩс ишеилкаахаз ала «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса жәеизамзы рыҩныҵҟа Аԥсны абиуџьет иалагалахеит планла иарбаз 3,7 млрд мааҭ рҭыԥан 4 миллиарди 737,9 млн. мааҭ ашәахтәқәа, ҳәа иаанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.