АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Мшаҧы.2024

Ҩ-тәылауаҩрак змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә зин рымазароуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩ-тәылауаҩрак змоу, мамзаргьы урыстәыла анхараз азин змоу Аԥсны атәылауаа Урыстәыла амашьына дырныҟәалартә еиԥш урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә зин рымазароуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра.

Аԥсахрақәа иалагалоу административтә аамҭаԥҵәа ҿыц Урыстәыла атәылауаҩра змоу егьырҭ атәылақәа руааԥсыра зегьы ирзырхоуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциатә Усбарҭа Аҭаҩратә аԥышәаратә ҟәша аиҳабы Дамеи Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны атәылауаа рзы ишыҟоу ирмарианы урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә зин аиура. Иҿыцны аԥышәарақәа рыҭира аҭахӡам, аршаҳаҭга ҿыц рырҭоит аԥснытәи аршаҳаҭгақәа рышьаҭала.

Уи азы Урыстәылатәи Афедерациа амҩатә ныҟәара ашәарҭадара азы Аҳәынҭқарратә Инспекциа (ГИБДД) иарбанзаалак аҟәшаҿы урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы, ма анхараз азини, амедицинатә ршаҳаҭгеи Хазхаҭалатәи ахаҿытә счиот аԥгаԥсатә номери (СНИЛС) ноугароуп.

Ирмарианы аршаҳаҭгақәа роура ҟалоит 2025 шықәса, мшаԥымза 1 аҟынӡа.  Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змам Аԥсны атәылауаа аԥснытәи амашьына арныҟәцараз аршаҳаҭгақәа рыла иныҟәалар ҟалоит.


Read 43 times - Ахәаша, 19 Мшаҧы 2024 16:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.