АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Мшаҧы.2024

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы иҿыцу хә-ҭыжьымҭак рӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы ахәыҷқәеи адуцәеи рзы иҿыцу хә-ҭыжьымҭак рӡыргара мҩаԥысит.

Арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа» (алагаратәи ихадоуи аҩаӡарақәа) аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас аԥсуа бызшәа зҵар зҭаху зегьы ирызкуп.  Арҵагатә цхыраагӡа авторцәа –  Альдона Ажьиба, Диана Шамба, Адгәыр Шьынқәба.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы Гәында Кәыҵниа лажәақәа рыла, иарбоу ашәҟәы арҵаҩы инапхгарала еиԥш цхыраарада аԥсуа бызшәа аҵара азы ахархәара аиур ҟалоит.   

Аҩбатәи ашәҟәы – «Аусеилыргара аԥсуа бызшәала амҩаԥгара азы арҵагатә цхыраагӡа  ауп. Ара еизгоуп аҳәынҭусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо адокументқәеи абланкқәеи.

Гәында Кәыҵниа ишеиҭалҳәаз ала, иахьа зӡыргара мҩаԥысуа ари арҵагатә цхыраагӡа ахархәара армариара азы ҩ-бызшәак – аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рыла ишьақәыргылоуп.

Иара убас иӡырган Платон Бебиа иажәеинраалақәа реизга «Амра ԥхоит». Араҟа еизгахеит ахәыҷқәа рзы автор иреиӷьу иажәеинраалақәа. Аизга алагаратә классқәа, ахәыҷбаҳчақәа, иара убас аҩны абызшәа аҵара аҿы ахархәара аиур алшоит.

Владимир Ҵнариа иажәеинраалақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра» аҿы иара убас еизгоуп апоет иреиӷьу ирҿиамҭақәа. Ахәыҷқәа рзы даҽа ҳамҭа шьахәны иҟалеит Сергеи Зыхәба ила аԥсуа бызшәахьы еиҭагоу Ганс Христиан Андерсен илакәқәа.

Аҵаратә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа» ацавтор Диана Шамба, ашәҟәы  шьақәгылоуп ҩ-ҩаӡарак рыла – алагарҭатәи ихадоуи рыла.

Гәында Сақаниа, Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿаԥхьа ахыдҵақәа рацәаны иқәгылоуп, аха аусзуҩцәа ԥшьҩык роуп иҟоу ҳәа иазгәалҭеит. Уи лажәақәа рыла, ҳаԥхьаҟа аҽырҭбаара азы азԥхьагәаҭарақәа ыҟоуп.

Арҭ ашәҟәқәа рҭыжьра ахьалыршахаз сара сзы даара гәырӷьара дууп, уи даҽа шьаҿак ԥхьаҟа ауп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳара ари аҩыза ҳазыԥшиижьҭеи  10 шықәса ҵуеит. Ҳара иаҳҭахын арҭ ашәҟәқәа авторцәа рыԥсы шҭаз иҭыҵыр, аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳахьымӡеит», - ҳәа илҳәеит Гәында Сақаниа.

Лара ишазгәалҭаз ала, Платон Бебиа ахәыҷқәа рзы ишәҟәқәа рҿы ианылеит даара аинтерес зҵоу ажәеинраалақәа, урҭ ргәынкылара мариоуп, еихышәшәа раԥхьарагьы маншәалоуп.  «Иара ахәыҷқәа рзы игениалу ажәеинраалақәа иҩуан», - ҳәа илҳәеит Гәында Сақаниа.

Ашәҟәқәа реиҳарак Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус зуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь идәықәҵахоит. Ашәҟәқәа раахәара алшоит иара убас ашәҟәҭирҭақәа рҿы. Абызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аспециалистцәа рнапхгарала иҭыжьыз арҭ ашәҟәқәа аус рыдырулон аԥсуа бызшәа аекспертцәа, аметодистцәа, ааԥхьара зауз асахьаҭыхыҩцәа. Ашәҟәқәа зегьы иааизакны ртираж – 2500 екземплиар рҟынӡа инаӡоит.

 

 

 

 


Read 126 times - Ахәаша, 19 Мшаҧы 2024 15:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.