pressadmin-2
23 шықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь аҿы ишьҭахьала еихсны дыршьит азиндырҩы, азинхьчаҩы Зураб Ачба.
Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩыжәи хԥа шықәса раԥхьа, нанҳәамза 15, 2000 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь, асааҭ жәеиза рыбжа инарзынаԥшуа, ишьҭахьала еихсны дыршьит иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет - Апарламент актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы Зураб Ачба (жәабранмза 23, 1950 ш. – нанҳәамза 15, 2000 ш.).
Есышықәса ари амш аҽны, ахәылбыҽха асааҭ 22:30 рзы Зураб Ачба ишьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы еизоит уи иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи, дыздыруаз зегьи. Урҭ Зураб Ачба игәалашәара иазкны ацәашьқәа адыркуеит, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Ачба Зураб Константин-иԥа (жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы - нанҳәамза 15, 2000 шықәса) - иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Ириеҳаӡоу Асовет- Апарламент актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы.
Диит жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Далгеит Н. Лакоба ихьӡ зхоу Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10.
1967 шықәсазы дҭалеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә фыкультет. Уи даналга ашьҭахь Аԥсны еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рҿы аиуристконсулс аус иуан.
1989 шықәса инаркны – Аԥсны Жәлар Рфорум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Зеиԥшыҟам аоратор, аполемист, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраанӡа аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа активла ихы алаирхәуан.
1991-1996 шш – Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак-Апарламент адепутат.
1993 шықәсазы Ареспубликабжьаратәи адукатцәа рколлегиа алахәала, аиуристтә абжьгарҭа № 24 (ақ.Москва) анапхгаҩы.
1999 - 2000 шш. – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилаки ауаҩы изинқәа рзы Аҟәатәи аофис аконсультант. Иара убри аамҭазы иара убасҵәҟьа ихы ааирԥшит апублицист иаҳасабала. Иматериалқәеи истатиақәеи кьыԥхьхон «Нужная газета» аҿы. Акритикатә ажәахәқәа рыла дықәгылон Ареспублика Аԥсны аофициалтә напхгараҭара ахаҭарнакцәа рганахьала.
Дыршьит Аҟәа ақалақь аҿы, нанҳәамза 15, 2000 шықәсазы. Зураб Ачба дызшьыз иахьа уажәраанӡа иаанкылареи ихьырхәреи залыршам.
*** *** ***
Зураб Ачба иҳәамҭақәа рҟынтәи:
«Аоппозициа аиашазы есымша аконцептуалра аныԥшуазароуп, ауаажәларра ирыднагалозароуп иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы атәыла анапхгара азнеишьақәа иреиԥшым альтернативақәа. Аргамареи атәылауаа активла имҩаԥырго ауаажәларратә усуреи ҳҳәынҭқаррара аиҭашьақәыргылара алзыршо акакәны иҟоуп. Избан нас, иреиӷьу ҳҵеицәа ршьала аԥсуа ҳәынҭқарра аҟазаара азы азин анҳаугьы, ҳауаажәларра уи аԥсҭазаара алахәхареи азыҳаҵҳаҵареи рмыцхәрас, уи аԥеиԥш зхы иазеиӷьу мацара иашьҭоу аҭыԥантәи абиурократиа анапы изанаҳҵари? (Астатиа «Наша реальная жизнь и наша конституция существуют в разных измерениях» аҟынтәи).
Инал Арӡынба: Аԥсны еиуеиԥшым атәылақәа адиалог рыбжьаҵаразы активла аусура мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Қырҭтәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа ианаҭо адгылара ахы иархәаны, Аԥсни жәларбжьаратәи апартниорцәеи рдиалог аԥырхагахаразы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Урҭ ареспублика аккупациа зызу аҵакыраны ирыԥхьаӡоит иара убри асахьа адунеитә арена аҿы аларҵәара мҩаԥыргоит», ҳәа нанҳәамза 17 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
«Ҳара урҭ абас еиԥш аҭак раҳҭоит – ҳара ҳхы ҳақҵәиҭны ҳиит убасҵәҟьагьы ҳхы ҳақәиҭны ҳаҟазаауеит. Ҳара зқьышықәсала иҟоу ҳҳәынҭқарразаара аринахысгьы иацҵахоит», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Уи Аԥсны Ареспублика Белорусь, Шьамтәыла, Еиду Арабтәи Емиратқәа, уҳәа Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәеи Африкеи Лаҭынтәи Америкеи ртәылақәа адиалог рыбжьаҵаразы активла аусура мҩаԥнагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15 шықәса аҵра амш аламҭалазы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ицны араионқәа рҿы аитәылауаа, араионқәа рхадарақәеи реизарақәеи рхаҭарнакцәеи аҿари дырԥылараны дыҟоуп.
Атуризм Аминистрра: ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ашәарҭара аҭаргылара ҟалаӡом.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба аекскурсиатә маҵзурақәа назыгӡо аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа) рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны инапы зҵаиҩыз Адҵа далацәажәеит.
«Ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы аҷыдалкаатә хҭыс ҟалеит. Ахаҳәлеира иахҟьаны дҭахеит 1996 шықәса рзы ииз атурист Вишниаков Владислав Сергеи-иԥа. Уи ицыз 28- шықәса зхыҵуа Пенза ақалақь инхо аԥҳәыс лшьапы ԥҵәеит, уи ахәышәтәырҭахь днаган.
Даҽа амашәыртә хҭыс ҟалеит нанҳәамза 11 рзы, усҟан ибӷаз ахаҳәқәа амаршруттә такси иақәҳаит. Усҟан Анцәа иџьшьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.
Апрофильтә хылаԥшырҭақәа рҿы аилацәажәарақәа рымҩаԥгара ашьҭахь ҳара ҳтәылауааи арахь ԥсшьара ҳәа иаауа атуристцәеи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи аиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәаа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа) рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны Адҵа аҟаҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», – ҳәа иҳәеит аминистр.
«Ауаҩы иԥсҭзаара хәы амаӡам»: Ҭеимураз Хьишба Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 17, ашьыжьымҭан, асааҭ 07:20 рзы хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа гәыԥҩык Аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ Риҵа аҿы амҩа адыркит. 15 - ҩык рҟынӡа аусдкылаҩцәа, иара убас 30 – ҩык инарзынԥшуа урҭ ирыдгыло ауаагьы абас ала нанҳәамза 15 рзы атуризм Аминистрра Риҵаҟа инагоу амҩала, Иуԥшьаратәи аҩхаҭшәаа иахьаҵанакуа аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атуристцәа рҭыжьреи ақәиҭымтәра азы иҟанаҵаз адҵа ишақәшаҳаҭым аадырԥшит.
Аусдкылаҩцәа иҟоу ақәиҭымзаара иахҟьаны аекскурсиатә автобусқәа шьҭарнахыс рхәаахәҭратә ҭыԥқәа рааигәара иахьзаанымкылало азы агәҭынчымра аадырԥшит. Аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Риҵа» аҿы иҟалаз ахҭыс азы аминистр адырра ииҭеит Аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ аиҳабы Алиас Аргәын. Уи иара убас аминистр ибара азы аусдкылаҩцәа аҳәара шыҟарҵаз атәы иҳәеит.
Ахәҭакахьала, Ҭеимураз Хьишба атуризм Аминистрра иҟанаҵаз адҵа иаҿыгылаз аусдкылаҩцәа рахь днеины амҩа аадыртырц азы аҳәара ҟаиҵеит.
Аминистри аусдкылаҩцәеи Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәаа аҿы реиԥылара ихы алаирхәит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Адамыр Багаҭелиа.
Инал Габлиа абжьара-занааҭтә ҵарадырра азы Урыстәылазегьтәи афорум ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи аминистр ицхырааҩ Ҭемыр Гобечиеи Москва ақалақь аҿы абжьара-занааҭтә ҵарадырра азы Урыстәылазегьтәи афорум рхы аладырхәуеит.
Афорум ахь зынӡа ааԥхьара роуит 2000 нызықьҩык инарзынаԥшуа – жәларбжьаратәии арегионалтәии аделегациақәа, азанааҭтә ассоциациақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, абжьара-занааҭтә ҵарадырра асистема аҿы аус зуа аусзуҩцәеи астудентцәеи. Афорум рхы аладырхәуеит 55 атәыла арегионқәа рҟынтәи 240-ҩык инарзынаԥшуа апрофессионалитет амбассадорцәа.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа апрограмма «Здравствуй, Россия!» рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра аԥшьгарала имҩаԥысуаз аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа згази аиааирақәа згази ф-ҩык ашколхәыҷқәа Москваҟа амҩа иқәлеит. Урҭ уаҟа ирзыԥшуп акыр инарҭбаау аҵарадырра-культуратә программа. Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ашьҭахь урҭ нанҳәамза 17 – 25 рзы имҩаԥысуа апрограмма «Здравствуй, Россия!» ала Самартәи аобласть ахь амҩа иқәлоит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҟынтәи.
Ашколхәыҷқәа ирҭаараны иҟоуп акәашарақәа, аталисманқәа рыҟаҵаразы аҟазара, аҭыԥантәи ачысхкқәа рыҟаҵара, уҳәа ирызку аинтерес зҵоу алекциақәеи амастер-классқәеи. Урҭ аилыркаагатә еиҿцәажәарақәа, агәынкыларазы, аиҿамсразы, аҭоурых адырра азы аконкурсқәа рахь ааԥхьара рыҭахоит.
Урыстәыла аҭаара аамҭа иалагӡаны, аныҟәаҩ қәыԥшцәа еиуеиԥшым аусхкқәа: асахьаҭыхратә ҟазара, акреативтә маҵзура, амузыка, акультуратә усура итрадициатәу ахкқәа, акоманда аҿы аусура алшара, уҳәа рҿы рхы ԥыршәартә еиԥш алшарақәа рзаԥҵахоит. Џьоукы рзы ари иҿыцу аус аланахалара акәхоит, даҽа џьоукы рзы – раԥхьаҟа иалырхраны иҟоу рзанааҭ ахь раԥхьатәи шьаҿаны иҟалоит.
Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «АЗиД»: Аԥсны анефтьаалыҵқәа рыхәԥса ашьҭыхра Урыстәылатәи Афедерациа аҟны аекспорттә хәыԥсақәа рышьҭыҵра ишиашоу ала иадҳәалоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа рҿы еиуеиԥшым амаркақәа иреиуоу абылтәи уи иашьашәалоу атаауарқәеи аизакылаҭиреи азаҵәылаҭиреи назыгӡо абылтәытә еилазаара «АЗиД» аҿы Аԥсны анефтьаалыҵқәа рџьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәеит.
Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «АЗиД» аизакылаҭиратәи азаҵәылаҭиратәи ахәқәа иҟоу Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аахәаратә хәыԥсақәеи анаӡаратә цҵақәеи рыла ишьақәырӷәӷәоу аобиективтә дыррақәа рыла ишьақәыргылахоит.
«Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «АЗиД», ишахәҭоу еиԥш, ианаамҭоу, иҟоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны аахәаратә хәыԥсақәа рзы ихымԥадатәиу аинформациа иахәҭоу аусбарҭақәа рахь идәықәнаҵоит, анаҩс уи азы азинмчы змоу аҳәынҭқарратә Усбарҭа ақәыршаҳаҭра анаиулак ашьҭахь аизакылаҭиратәии азаҵәылаҭиратәи ахәԥсақәа шьақәнргылоит.
Ахәԥсақәа рышьақәыргыларазы иҟоу аԥҟара аахәаратә хәыԥсақәа рышьҭыхра аан еиԥш рылаҟәрагьы аан аус ауеит» – ҳәа иазгәарҭеит аилазаара аҿы.
Убас, иаагозар, абылтәы амарка АИ-92 абылтәыҭаҭәарҭатә станциқәа «АЗиД» аҿы 2022 шықәсазы 1 литр азы 56,00 мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы амарка АИ-92 иатәу абылтәы ахәԥса абылтәыҭаҭәарҭатә станциқәа «АЗиД» аҿы 1 литр азы 38,90 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Уи зыхҟьаз ҳәа иҟоу – аахәаратә хәыԥсақәа рганахьала иманшәалоу аҭагылазаашьа ашьақәыргылара ауп. Аахәаратә хәыԥсақәа анылаҟә, абылтәыҭаҭәарҭатә станциқәа «АЗиД» аҿгьы ахәқәа лаҟәит.
Алеқсандр Анқәаб: атәыла Анапхгара аринахысгьы хатәгәаԥхарауаа адгылара рыҭара азы иалшо зегьы ҟанаҵалоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҟынтәи аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа Реидгыла ахантәаҩы Сергеи Иахагоев диԥылеит.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы Аԥсны Анапхгареи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа-хатәгәаԥхарауаа еидызкыло ауаажәларратә еидгыларақәеи русеицура акоординациеи аҳәынҭқарратә дгылара аҭара иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Сергеи Иахагоев есышықәса Аԥсны иазгәарҭо хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Уи иара убас аусеицура акоординациа аҭаразы игәаанагара иҳәеит.
Ашоура хьанҭа иахҟьаны Аԥсны абылра ашәаҭара аҩаӡара даара иҳаракуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Тигран Делибалтиан Аҟәа ақалақь абылрацәыхьчаратә отриад анапхгараҭара алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы аҳҭнықалақьи Аҟәа араиони рҿы абылрацәыхьчаратә ҭагылазаашьа, иара убас нанҳәамза 14 рзы Аҟәа ақалақь, Акьырҭаа имҩала иҟалаз абылра амзысқәа рзы заанаҵтәи адыррақәеи ирылацәажәеит.
Аилатәараҿы инаҵшьны иазгәаҭан ареспублика зегьы иахьаҵанакуа абылратә шәарҭара аҩаӡара акыр ишыҳараку. Ишьақәгылаз ашоура бааԥсы, иара убас ахатәы қыҭанхамҩатә дгьылқәа рҿы арыцқьаразы аҵҩаа амца аркра, уҳәа ирыхҟьаны аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы хыԥхьаӡара рацәала аԥсабаратә мцакрақәа ҟалеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟәшеиҵақәа амцакра ахьыҟало аҭыԥқәа рахь есыҽны ицар акәхоит. Убасҵәҟьа иҟалеит нанҳәамза 14 рзы. Аҟәа ақалақь Акьырҭаа имҩала абылра ӷәӷәа ҟалеит ҳәа адырра аныҟала ашьҭахь, Аҟәа арион аҿы аԥсабаратә амцацралара иаҿыгыланы аус зуаз амцарцәаҩцәа иаарласны арахь Турбаза аҳаблахь ииаргар акәхеит. Уимоу, Гәылрыԥшьи Очамчыреи рҟынтәгьы инацҵаны амцарцәаҩцәа ргәыԥқәа арахь идәықәҵахеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аитәылауаа, араионқәа рхадарақәеи реизарақәеи рхаҭарнакцәеи аҿари дырԥылараны дыҟоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15 шықәса ҵуеит.
Иааиуа аиубилеи инамаданы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ицны араионқәа рҿы аитәылауаа, араионқәа рхадарақәеи реизарақәеи рхаҭарнакцәеи аҿари дырԥылараны дыҟоуп.
«Ари аусмҩаԥгатә ахықәкы хаданы иҟоуп – ҳтәылауаа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра изамҭанытәиу аусура азы адыррақәа рыҭара, ҳаамҭазы ҳтәыла акәша-мыкәша ишьақәгыланы иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу актуалра злоу аспектқәа, Кавказ Аладатәи арегион аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы ирласны зҽеиҭазкуа ашәарҭадара архитектура, иара убас ессааира изызҳауа Қырҭтәыла агеополитикатәии аекономикатәии амбициақәа рылацәажәара», – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.