АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Ԥхынҷкәынмза 31 рзы Аурыс драматә театр аҿы ахәаԥшцәа идырбахоит акомедиа «Примадонны».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә аурыс театр ҩы-шықәса инеиԥынкыланы ԥхынҷкәынмза 31 рзы ахәаԥшцәа ашықәсҿыцтәи ахәылԥаз атеатр аҿы амҩаԥгаразы ааԥхьара рнаҭоит.

Ԥхынҷкәынмза 31, 17 сааҭ рзы атеар актиорцәа атеатр абзиабаҩцәа рахь  ҭаацәашәала 2024-тәи Ашықәс ҿыц иаԥылаанӡа  атеатр акомедиатә хит «Примадонны» абареи хра злоу аемоциақәа раиуреи рзы атеатр иаҭаарц азы ааԥхьара ҟарҵоит.

Даара ауаҩы игәалаҟазаара шьҭызхуа, иччарху акомедиа 2-қәгыларак рыла ишьақәгылоуп. Уи иқәиргылеит арежисиор Сергеи Ефремов. Иара абар шьҭа фы-шықәса инеиԥынкыланы аншлаг аманы имҩаԥысуеит.

Асиужет ала, актиорцәа Џьамбул Жорданиеи Емиль Петрови зроль нарыгӡо џьара аус зымуа ҩыџьа актиорцәа агазеҭ ала амал ду змоу ҭакәажәык акыр шықәса раԥхьа иӡхьаз  лмал ззаанлыжьша илыуоу аҳәса шылыԥшаауа атәы еилыркаауеит. Актиорцәа аҳәса ракушәа рҽааиҭакны амиллионқәа ргара иазкны аус аиларҽаҽара иалагоит.

Агәалаҟазаара ашьҭыхра шәашьҭазар, ари аспектакль шәара шәзы ауп!

Аспектакль «Примадонны» ашықәсҿыцтәи арбара аҿы Мег лроль раԥхьаӡа акәны иналыгӡоит актриса Мадлена Барцыцԥҳа.

Аспектакль аныҳәатә рбара ахь абилеҭқәа ааухәар алшоит атеатр акасса аҿы еиԥш асаит   rusdram.org аҿы, иара убас Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуа «А-Мобаил» аофисқәа рҿы.

 


Read 100 times - Ахаша, 03 Ажьырныҳәа 2024 15:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.