АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынҷкәын.2023

Сергеи Лаврови Аслан Бжьаниеи Ашықәс Ҿыц аныҳәа инамаданы еибаныҳәеит ҭелла Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови ҭелла реицәажәара. Сергеи Лавров Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.

Аиҿцәажәараан Сергеи Лавров Аслан Бжьаниа иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара. Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит 2024 шықәсазы аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аҩ-ҳәынҭқаррак рыхьӡала рыҿиара иацҵахоит ҳәа агәыӷра шимоу. 

Аслан Бжьаниа, иганахьала, Сергеи Лавров иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит, ҳаҭырқәҵарала дшизыҟоу ҳәаны, иациҵеит аидгылареи астратегиатә усеицуреи рыпринципқәа шьаҭас измоу ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа адгылара шриҭо атәы.


Read 142 times - Аԥшьаша, 04 Ажьырныҳәа 2024 10:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.