Адныҳәаларҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 2024-тәи Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи!
Ииасуа ашықәс азы аиҩызара, аидгылара, астратегиатә усеицура шьаҭас измоу урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара инеиԥынкыланы имҩаԥысуан.
Есааира аҽарӷәӷәон ахәаахәҭра-економикатә, аинвестициа-гуманитартә усеицура, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду змоу апроектқәа рынагӡара мҩаԥысуан.
Сгәы иаанагоит ашықәс ҿыц аангьы ганрацәала ҳусеицура ахырхарҭақәа зегь рыла имҩаԥыслоит ҳәа. Ари Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчара иазкуп.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа, ҩызара ҳзызуа Аԥсны жәлар – аизҳазыӷьара, ахирра".