Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ахатә еилазаара аныҳәамшқәа раан амаҵзура амҩаԥгара аграфик инақәыршәаны доусы ирыҵанакуа аҭыԥқәа рҿы уахи-ҽни азинеиҿкаара иахылаԥшлоит. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистра анапхгара аҟынтәи иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аҭакԥхықәра зду ауаа алкаауп. Амилициа ахықәкы хаданы иҟоу - аиҳарак ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа рҿы ауаажәларратә зинеиҿкаареи ауааԥсыра ршәарҭадареи аиҿкаара ауп.
31.Ԥхынҷкәын.2023
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатә еилазаара ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иахьаҵанакуа ауаажәларратә шәарҭадареи азинлеишәеи рышьақәыргыларазы, ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раан азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәааразы, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа инақәыршәаны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада, атранспорт аҿы ацәаҳәатә усбарҭа, Аҳәынҭинспекциа аусбарҭа, аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшақәеи ақалақьтә усбарҭақәеи ахатә еилазаара зегьы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 30 инаркны иааиуа 2024 - тәи ашықәс ажьырныҳәамза 12 рҟынӡа рмаҵзура анагӡара ирӷәӷәоу арежим ахь ииагоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.