Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ԥхынҷкәынмза 30 рзы Белгород ақалақь аҿы иҟалаз арыцҳара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Адышшыларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Жәлар Реизара-Апарламент ӷәӷәала иақәыӡбоит украинатәи анацистцәа рыла ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәсазы Белгород ақалақь аҿы аҭынч уааԥсыра рганахьала иҟарҵаз атеррористтә акт. Ҳара даара хьаа дуны иҳадаҳкылеит 24-ҩык аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз, хықәкыла икылкааны Белград ақалақь агәы алахысра ҟалеит ҳәа ажәабжь хлымӡаах. Ишеилкаахаз ала, иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ԥшьҩык ахәыҷқәагьы, шәҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, анхарҭаҩнқәеи асоциалтә обиектқәа жәпаки ҟәбоуп.
Украинатәи аибашьцәа рыла инагӡоу ари ацәгьоура даҽазныкгьы иарҵабыргуеит аҭыԥ змоу аҳәынҭқарратә терроризм. Ари аус хьырхәрада иаанымхаоуп! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент жәларбжьаратә ауаажәларратә еилазаара ахь украинатәи арежим афинансқәа азоужьреи даҽакала адгылара аҭареи алмыршара азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Ҳара гәалсра дула иҳадаҳкылеит иҟалаз арыцҳара азы ажәабжь, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдышшылоит, ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит, ахәрақәа зауз ауаа иаарласны ршьапы иқәгыларц, агәабзиара роурц, Белгород ауааԥсыра зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит».