
pressadmin-2
Атлетика ласы азы Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Акоп Керселиан игәалашәаразы амемориалтә ӷәы Аҟәа ақалақь аҿы ишьақәдыргылоит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа, атлетика ласы азы Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР абаҩрҵәыратә культуреи аспорти зҽаԥазтәыз аусзуҩ Акоп Керселиан дахьынхоз, Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩала игылоу аҩны № 103 ахаҿратә ган аҿы агәалашәаратә мемориалтә ӷәы ашьақәыргылара иақәшаҳаҭхеит.
Акоп Керселиан аҟәатәи аспортсмен, аҭоурых аҿы зда дыҟам хынттәи аолимпиатә чемпион (1968, 1972, 1976), 1980 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә медал згаз, Европа ҩынттәи ачемпион (1969, 1974 шш). – Виктор Санеев раԥхьатәи изыҟаҵаҩ иакәын.
Виктор Санеев хынттәи аԥара аҿы хынтә адунеитә реконд шьақәиргылахьан: 17,23 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,39 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,44 м. (жьҭаарамза 17, 1972 шықәсазы, Аҟәа ақалақь аҿы).
Аԥснытәии урыстәылатәи археологцәа Аҟәа аӡымҽхак иахьаҵанакуа аӡаҵантәи аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәии урыстәылатәи археологцәа Аҟәа аӡымҽхак иахьаҵанакуа аӡаҵантәи аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит. Абри азы Sputnik арадио аефир ала еиҭеиҳәеит Мрагылараҭҵаара Аинститут Ҟрыми Адгьылбжьарамшыни аҭоурых-археологиатә ҭҵаара Ацентр анапхгаҩы, Севастопольтәи ауниверситет акафедра адоцент Виктор Лебедински.
Ари Севастопольтәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәеи Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститути Аԥснытәи агеографиатә еилазаареи рҵарауаа еицынарыгӡоз жәларбжьаратәи аӡаҵантәи археологиатә експедициа ацҵара ауп. Уи адгылара анаҭоит Урыстәылатәи агеографиатә еилазааара. Уаанӡа урҭ иҭырҵаауан Гәдоуҭеи Афон-Ҿыци рӡымҽхакқәа.
Абесалом Кәарҷиа «Пиатнашка» аибашьцәа рҭахара иазку алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Цандрыԥшь аҳаблеи Приморское ақыҭеи аинтернационалтә бригада «Пиатнашка» аибашьцәа рҭахара иахкьаны имҩаԥысыз алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит. Абесалом Кәарҷиа Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз Аԥснытәи аибашьцәа - Шамиль Дасаниеи Марзаҟан Ачбеи рҭаацәа дрыдышшылеит.
Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷы иира азы зныктәи аԥаратә цхыраагӡа 10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара аҿы ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны есымзатәи асоциалтә шәатәқәа рыҩаӡара ашьҭыхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Абыда зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа хәыҷык изы ирызшәахо аԥаратә цхыраагӡа 500 мааҭ рыла иазҳауеит, убас ала уи аицҵалыҵ 2000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
18 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәарацәа ироулоит:
хҩык ахәыҷқәа змоу аҭаацәа – хәыҷыцыԥхьаӡа 1000 - 1000 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 600 мааҭ);,
ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – хәыҷыцыԥхьаӡа 1500 - 1500 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 900 мааҭ); ,
хәҩык ахәыҷқәа змоу рзы – хәыҷыцыԥхьаӡа 2000 - 2000 мааҭ (2023 шықәсазы – 1050 мааҭ),
2023 шықәса рашәарамзаахыс абҵарамза анҵәамҭанӡа «Ласточка» Шәача-Гагра амаршрут ала Аԥсныҟа иаанагеит 48 нызықьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса рашәарамзаахыс абҵарамза анҵәамҭанӡа 48 309 - ҩык апассаџьырцәа афымцадәыӷба «Ласточка» ала Аԥсныҟа иааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа».
Зегьы реиҳа апассаџьырцәа афымцадәыӷба «Ласточка» ала Аԥсныҟа иааит нанҳәамзазы. Апассаџьырцәа раара азы арбагақәа абас ала ишьақәгылеит: рашәарамзазы – 3480-ҩык, ԥхынгәымзазы – 10652-ҩык, нанҳәамзазы – 15826-ҩык, цәыббрамзазы – 11624-ҩык, жьҭаарамзазы – 4177-ҩык, абҵарамзазы – 2550-ҩык.
Афымцадәыӷба «Ласточка» Шәача-Гагра амаршрут ала аныҟәара иалагеит 2023 шықәса, рашәара 8 инаркны.
Аҳауагәаҭаҩцәа иааиуа аӡынра азы Аԥсны амш зеиԥшрахо азы адырра ҟарҵеит.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡынра ихьшәашәоу арктикатә ҳауа алалара иазыԥшуп. Уи инамаданы иҟалар алшоит адыд-мацәыс зцу ақәыршыҩқәа, ақәасабаа леир ҟалоит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәалҭеит аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аметеорологиа аҟәша аметеоролог хада Диана Ҭраԥшь.
Уи лажәақәа рыла, сынтәа ҷыдала аномалтә ҟазшьа змоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ҟамлароуп.
«Хазы игоу мышқәак рзы иԥхоу амшқәагьы ҟалоит. Ҽынла аҳауа аԥхарра 15- 20 градус рҟынӡа ихалалоит. Иреиҵаӡоу аҳауа аԥхарра 0 градус инаркны -2,5 градус рҟынӡа илаҟәыр алшоит. Лассы-лассы иҟалало ақәоурақәа ирыхҟьаны, Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа еиԥш мрагыларатәи ахәҭа аҟны аиланхарҭатә ҭыԥқәа аӡы рыҵалар алшоит. Амшын ацәқәырԥара 3 - 4 балл рҟынӡа инаӡалоит. Иҭышәынтәалам аҳауатә қәыӷәӷәара, иара убас аамҭа-аамҭала ихьшәашәоу аҳаиртә фронтқәа рыиасра иахҟьаны аԥшасра еиҭасуа аҟазшьа аиуоит. Аԥшаҵысра хазы игоу аӡынтәи апериодқәа рзы сикундак ала 15 - 17 метра рҟынӡа инаӡалар алшоит», – ҳәа иазгәалҭеит Диана Ҭраԥшь.
Аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы иԥхьагылоу аспециалист, аналитик Диана Занҭариа лажәақәа рыла, ажьырныҳәамзеи жәабранмзеи рзы ашьхареи ашьхара иаԥшу аҭыԥқәеи рҿы асы шьҭалар ҟалоит, амшын аԥшаҳәаҿы аиҳарак ақәасабаа аулоит.
«Амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа асы шьҭамлар ҟалап», ҳәа илҳәеит лара.
Адамыр Цышба: Амшцәгьа иахҟьаны Гагра араион иаиуз азарал макьаназы инагӡаны ишьақәыргылаӡам.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 27-28 рзы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Гагра араион иаиуз азарал макьаназы инагӡаны ишьақәыргылаӡам, ҳәа Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба.
«Аԥшаҳәа аҿы хәҭакахьала иқәыз ахаҳәцәы ықәнаӡәӡәааит, иара убас амшын ацәқәырԥақәа абетонтә гәараандақәа реиҳарак дырбгеит. Амшын аԥшаҳәа иҿықәнажьит даара ирацәаны ахаҳәи аԥслымӡи. Уажәы амаҵзурақәа арыцқьареи агәам-сам ақәгареи ирыдҳәалоу аусурақәа нарыгӡоит», - ҳәа иҳәеит Адымыр Цышба.
Иара ишазгәеиҭаз ала, ҭыԥқәак рҿы ахаҳәцәы аиҭашьақәыргылара ауеит, аха уи ахьықәнаӡәӡәааз аҭыԥқәа рҿы иҿыцны ишьҭаҵатәхоит. Аԥшаҳәа аҿы ахаҳәцәы ашьҭаҵара хыркәшан рашәарамза, 2023 шықәса рзы.
«Ҳақәгәыӷуеит иааиуа атуристтә сезон аҟынӡа ахаҳәцы ақәҵара иазку аусурақәа рӷьырак анагӡара ҳахьӡап ҳәа», - иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ.
Уажәы Гагра ақалақь ауааԥсыра инагӡаны аӡрыжәтә ала реиқәыршәара алыршаӡам, избан акәзар, аӡхагаларатә станциақәа реиҭашьақәыргылара макьаназы ихыркәшаӡам. Афымцамч ала аиқәыршәара акәзар, уи еиҭашьақәыргылоуп.
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы ирԥшааит иагьрымырхит 4 маининг-аппарат.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аконтрабандеи аҳазылхратә цәгьоурақәеи рҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит зхархәареи Аԥсны аҳазылхратә ҵакыра ахь аагареи рзы азин ыҟам акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа ԥшьба. Урҭ уаанӡа аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагалара Аԥсныҟа иааган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
2023 шықәса алагара инаркны Аԥсны атуризм Аминистрра аусзуҩцәа рыла иаарԥшхеит 36 -ҩык рҟынӡа изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа атуризм Аминистрра аусзуҩцәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылара Аҟәша, Аԥсны аҳәынҭинспекциа, Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа Рассоциациа алархәны изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа раарԥшразы имҩаԥыргоз анҭыҵтәи ареидтә гәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иаарԥшхеит 36-ҩык рҟынӡа изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа. Абри азы Аԥсны атуризм Аминистрра аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц.
Атуризм Аминистрра ареестр инақәыршәаны ирыҭоу иаку ахкы змоу аекскурсиа амҩаԥгаразы амҩақәҵагақәеи агәышԥытә дыргақәеи (абеиџь ҳәа изышьҭоу) рымазаара азы агәаҭарақәа Афонҿыцтәи аберҭыԥ, Риҵатәи ареликтә-милаҭтә парк аҭаларҭа азааигәара, Аҟәатәи аботаникатә баҳча, ареспубликатә трасса иахьаҵанакуа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аԥыԥшырҭақәак рҿы имҩаԥган.
Ԥхынҷкәынмза 1 азы аквотақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵараиурҭқәа рҭаларазы аусшәҟәқәа ралагаларазы иазыԥҵәоу аҽҳәара нҵәоит.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭаху аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы адкыларатә кампаниа ахыркәшара аҟынӡа мышқәак роуп иаанхаз, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра.
Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа аквотақәа рыла аҵараиура азы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара иацҵахеит. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра еилкааны ас еиԥш ашьаҿа ҟанаҵеит, иара убри ала заԥхьаҟа истудентцәахараны иҟоу аусшәҟәқәа ралаҵара иазыԥҵәоу аҽҳәара ацҵарала урҭ урыстәылатәи аҵарадырра асистемеи зинтерес рымоу аҵараиурҭақәеи рзы адыррақәа цқьа еилыркаартә еиԥш алшара рзаԥнаҵеит.
«Аҟыбаҩи ахықәкынагӡареи злоу аҳәаанырцәтәи атәылауаа абакалавриат, специалитет, магистратуреи аспирантуреи иҭалар алшоит. Урыстәылатәи ауниверситетқәа адунеитә реитингқәа рҿы иреиӷьу апозициақәа ааныркылоит, урҭ еиуеиԥшым аусхкқәа рыла, IT-технологиақәа инадыркны амедицинеи арҿиаратә занааҭқәеи рҟынӡа аспециалистцәа разыҟаҵара иҳараку аҩаӡара ала еицырдыруеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра апресс-релиз аҿы.