Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 12 рзы Санкт-Петербург ақалақь, атеатр «Плоды просвещения» аҿы аԥснытәи ауаажәларратә усзуҩ, амеценат, 1990 – 2000 шш. рзы Санкт-Петербургтәи аԥсуа диаспора аилазаара “Аԥсны” ахантәаҩыс иҟаз акыр шықәса Санкт-Петербург инхо, ҳаҭыр зқәу ақалақьуаҩ Рауфа Ҭархәына-иԥа Аиба 90-шықәса ихыҵра аиубилеи иазкны акультуратә хәылԥазы мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс а-Telegram-канал.
Аусмҩаԥгатә алагамҭазы иаԥхьан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа, аԥсуа-база аконгресс аиҳабы Мусса Хабал-иԥа Еқьзеқь, иара убас аиҿкаарақәа жәпакы: Аԥсни Урыстәылеи аофициалтә хаҿқәа, аҵарауаа, адипломатцәа, ажурналистцәа, ашәҟәҭыжьыҩцәа, акультура аусзуҩцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҩызцәа, ԥыхьа класск аҿы аҵара ицызцозгьы уахь иналаҵаны аиубилиар ихьӡала иаарышьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭақәа. Аӡәырҩы хаҭала асцена аҟынтәи аиубилиар идныҳәалеит.
Аиубилиар иара убас дидныҳәалеит Урыстәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ахьӡала ари аиԥылара иалахәыз апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа, ауниверситет астудентцәа Аделиа Царгәыши Миранда Џьениеи Милана Гәынбеи аиубилиар идныҳәалеит, ауниверситет аректор Алеко Алеқсеи-иԥа Гәарамиа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы иаԥхьеит, аиубилиар ирҭеит ауниверситет ахьӡала инагаз агәаларшәагатә ахьтәы ԥараҿырпы. Дара иара убас Рауф Аиба ирҭеит иара изку аочерк зну агазеҭ «Республика Абхазия» изаамҭанытәиу аномери аредакциа аҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәи.
Ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Санкт-Петербургтәи аԥсуа диаспореи Адунеизегьытәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси.
Аныҳәатә хәылԥазы асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит ашәаҳәаҩцәа аиаҳәшьцәа Берзениаа. Амузыкатә номер лырхиеит иара убас еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы аиааира згахьоу, акульура Аинститут атудентка Аида Смыр, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҟны иҟоу аколлектив «Абаза» аԥсуа кәашарақәа нанагӡеит. Ахәылԥаз аҿы еизаз идырбан зҭыхра афинансыркра зегьы Рауф Ҭархәынҭ-иԥа Аиба зхахьы игаз адокументалтә фильм «Абхазский лабиринт» ацыԥҵәаха. Ари афильм аҭыхра мҩаԥысуанаҵы иара арежиссиоргьы аоператоргьы дрыцны хаҭала Аԥсны ахи-аҵыхәи далсит.
Рауф Аиба аԥсуа диаспора напхгара аиҭон Аԥсны азы иуадаҩыз аамҭа азы – 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз. Иара инаигӡаз аусура иабзоураны адиаспора ари иуадаҩыз аамҭахәҭа азы ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара аҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡон. Иара убас, Рауф Ҭархәын-иԥа аҭынч аамҭазгьы аҟыбаҩ злоу аҿар, анаукатә усзуҩцәа, апрофессионалтә еиҿкаарақәа, уҳәа акыр адгылареи ацхыраареи риҭон. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аспециалист ҿарацәа реиԥш еицырдыруа аполитикатә усзуҩцәагьи.