Апрокуратура аусбарҭақәа русураҟны иҟоуп иаарту иуадаҩу аусқәа маҷымкәа. Апрокуратура аветеранцәа рԥышәеи рыпрофессионализми қәҿиарала рхы иадырхәоит уи аусзуҩцәа иахьатәи абиԥарақәа русураҟны. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара шәколлектив ҳтәыла ашәарҭадара алыршареи, азинрҿиаратә усуреи, жәларбжьаратәи аусеицура аҿиареи рыҟны алагаламҭа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура ихадароу ароль нанагӡоит ацәгьоура иаҿагыланы ақәԥараҟны ареспублика азинхьчаратәи ахылаԥшратәи усбарҭақәа русеицураҟны. Ҳтәылауаа рганахьала аҳәынҭқарра азинхьчаратә система зегьы аусура аҳаҭыри агәрагареи алыршахоит шәара еилахәаахәҭрада, ламысцқьала имҩаԥыжәго аусура иабзоураны.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра, Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵ аураҟны аихьӡарақәа!