Аҟәа. Мшаԥымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 13 рзы аҵарауаҩ-афольклорист Римма Ҳашба лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуан 90 шықәса. Лара лоуп аԥсуа хәыҷтәы фольклор раԥхьатәи амонографиатә ҭҵаара мҩаԥызгаз.
Римма Арсени-иԥҳа Ҳашба (13.04.1934 – 17.07.2007шш.) аԥсуа филологиа ашьаҭаркҩцәа иреиуаз, Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭоурыхи рыҭҵааратә Институт раԥхьатәи адиректор Арсени Ҳашба иҭаацәараҿы диит.
1960 шықәсазы лара далгеит М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә Институт «Аурыс бызшәеи алитературеи» азанааҭ ала, ҟәҿиарала лҵара азы илоуит адиплом ҟаԥшь. Лусуратә мҩа лара далагеит К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1 аҿы рҵаҩыс аусурала, араҟа лара 1961 шықәса инаркны 1969 шықәсанӡа аус луан.
1969 -1971шш. рзы лара аҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс аус луан. 1971 шықәса инаркны уи лыԥсҭазаара адылҳәалоит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи абызшәеи алитературеи Ринститут (уажәы Аԥснытәи агуманитартә Ҭҵаарақәа Ринститут), араҟа уи алаборант еиҳабы иҟынтәи афольклор аҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабы иҟынӡа днаӡеит. 1981 шықәсазы лара «Аԥснытәи ахәыҷтәы фольклор» ҳәа атема ала акандидаттә диссертациа лыхьчеит.
Римма Ҳашба аԥснытәи ахәыҷтәы фольклор аҭҵаара адагьы аԥсуаа рлафтә культура, аҭҳәаратә традициақәа, аԥсуа жәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи ажәаԥҵәақәеи ржанрқәа, адгьыл арԥсылара акульт, уҳәа рыҭҵаара аҿы ллагала ду ыҟоуп.
Аҵарауаҩ дшыргәалашәо атәы Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо еиҭарҳәеит уи лколлегацәа, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагбеи Аԥснытәи агуманитартә Ҭҵаарақәа Ринститут адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәбеи.
«Римма Арсени-иԥҳа лыхцәажәара уахи-ҽни инеиԥынкыланы уаҿызаргьы иуҳәаша уԥшаауеит. Ус еиԥш иҟоу ауаа сара сыԥсҭазаараҿы ирацәаӡамызт. Уи лыӡбахә аҳәара уаналаго угәы мыԥшаар ауам. Исҭахуп ас еиԥш иҟоу ауаа излауа ала гәалсрак, хьаа дук рымамкәа, гәырҩада акыр шықәса иҳацзарц. Сара насыԥ сыман ҳәа исыԥхьаӡоит Анцәа иахьсаҭәеишьаз сыԥсҭазааратә мҩа, снаукатә усура аҿы ас еиԥш иҟаз ауаҩы хазына, ауаҩы шьахә дахьсықәшәаз», – ҳәа илҳәеит Лили Ҳагба.
Аҵарауаҩ иазгәалҭеит, Римма Арсени-иԥҳа иҷыдоу ахәыҷқәа рызнеишьа шлымаз, уи зегьы рацәажәара шлылшоз. Дара изныкымкәа анаукатә експедициақәа раҳасабала Аԥсны ахи-аҵыхәеи рахь еиццахьан.
Римма Арсени-иԥҳа лыԥсҭазааа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы реиҳа иуадаҩыз аамҭан лара лзы. Уи длыԥхеит лыԥҳа.
«Ҳара ари апериод азы даара лассы-лассы ҳалҭаауан. Зыхәҷы дызцәыԥсыз ан лгәы зҟажыша ажәақәас иуԥшаари? Ҳара излаҳалшоз ала адгылара лыҭара ҳәазаҳшәон. Аха лыԥҳа лыԥсра акыр лшьара дықәнаҟьеит лара, лгәабзиара акыр ишьақәҟьеит», - ҳәа гәалсрала иазгәалҭеит Лили Ҳагба.
Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба изы Римма Арсени-иԥҳа арҵаҩы, ааӡаҩы, аҵарауаҩ лаҳасабала адагьы, акыр ауаҩреи аԥхарреи зҵаз ауаҩы, ан леиԥш игәалашәараҿы даанхеит.
Раԥхьатәи аибашьрашьҭахьтә ашықәсқәа рзы ауалафахәы амыцхәрас ача аталонқәа анҳарҭоз аамҭазы, Римма Арсени-иԥҳа, акыр ауадаҩрақәа шыҟазгьы, илулакгьы лколлегацәа ихааз џьара акы рзаалгон. Аинститут лара лзы даара игәакьаз, даара илзааигәаз ҭыԥны иҟан.
«Зегьы рзы лара ахәрақәа зырӷьо хәырбӷьыцны дыҟан. Убла ихылбаалон угәалаҟазаара ыҟамзар, агәы рахәымзар, уи зыхҟьаз дазымҵаакәа угәалаҟазаара ашшьҭыхра лҽазылшәон, иагьлылшаҵәҟьон уи», – ҳәа иҳәеит Арда Ашәба.
Лыԥҳа машәырны лҭахара ашьҭахь Римма Арсени-иԥҳа зынӡа аҩны адәылҵра лҭахымкәа дҟалеит.
«Аха уи лколлегацәа ирулакгьы Римма Арсени-иԥҳа дазааргеит раԥхьатәи аибашьрашьҭахьтәи аекспедициа ахь рыццара. Сара усҟан еилыскааит, агәырҩа цәгьа шылхылгазгьы, лара ахәыҷтәы фольклор аҭҵаара лыԥсҭазаара иахәҭакны ишыҟоуп», - ҳәа иҳәеит Арда Ашәба.
Римма Ҳашба ибзиаӡаны илдыруан аԥсуа, аурыс, абаза, ақырҭуа бызшәақәа. Лара ақырҭуа ҵарауаа Аԥсны акультураеи аҭоурыхи шеицаркуаз, ишеилархәуаз анылбоз акырнтә дырҿагылахьан.