АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы 4 200 цыра асигареҭ аиагара ԥхьдырҟәҟәааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы 4 200 цыра асигареҭ (210 аҭаҭынҭра)  аиагара ԥхьдырҟәҟәааит. Уи аԥхьа абаџьқәҵарадатә хәаахәҭра адәқьан Duty Free аҿы иаахәаз асигареҭқәа анапылеидарала аиагара иҽазишәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Чанба Иу. Х., ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аофициалтә саит.

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргара аҳәаахәҭара азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.  


Read 191 times - Аԥшьаша, 04 Ажьырныҳәа 2024 10:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.