АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Афымцамч ахархәаразы ауааԥсыра ирықәу ауалқәа 1,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 800 млн. мааҭ иреиҳаны Аԥсны иашәеит афымцамч Урыстәылантәи аагара азы, ҳәа ԥхынҷкәынмза 29 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.  

Сынтәа афымцамч ахархәара амҽхак  312 млн кВт/с.рыла еиҵахеит.

Кристина Озган лажәақәа рыла, зынӡа ишьақәыгылаз афымцамч ахархәара арбагатә приборқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара  22  238  цыра рҟынӡа инаӡоит.

«Ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  928 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәсазы  аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы уи 552 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон»  , – ҳәа илҳәеит атәыла аекономика аминистр.

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб,  11 мза рыҩныҵҟа аихшьаалақәа рыла Аԥсны ауааԥсыра  рхы иадырхәаз афымцамч азы ирымшәаӡацкәа иаанханы иҟоуп 1 млрд. 302 млн. мааҭ ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Ари даара ишьахәым рбагоуп. Ас ала хара ҳазцом. Шаҟа ирацәаны априборқәа шьақәҳаргыло аҟара, убри аҟара аус аиҿкаарагьы ҟалоит. Афымцамч азы иҳамшәалар, афымцамч ҳауӡом, уаҳа даҽакала ҟалашьа аманы иҟам», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.  


Read 123 times - Асабша, 06 Ажьырныҳәа 2024 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.