АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны аиустициа Аминистрреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәеи рыблнкқәа рыхәԥса шьҭыххоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәеи рыблнкқәа рыхәԥса шьҭыххоит.

АҬААР аҿы ирыҭахо аршаҳаҭгақәа рыхәԥса уаанӡа 120 мааҭ иреиҳаӡамызт.

Аҭаацәара алалара азы аршаҳаҭга абланк ахәԥса 1000 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Хаҵеи ԥҳәыси реилыҵра азы аршаҳаҭга ахәԥса шьҭарнахыс 2500 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.  

Ажәла, ахьӡ, абхьӡ, амилаҭра аԥсахразы аршаҳаҭга – 1000 мааҭ ирклоит.

Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы абланк акәзар, уи ахәԥса 500 мааҭ рыла еиҳахеит. Шьҭарнахыс уи ахәԥса  1000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Анхаразы азиншәҟәы – 600 мааҭ инаркны 1500 мааҭ рҟынӡа.


Read 115 times - Ахаша, 03 Ажьырныҳәа 2024 13:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.