АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалахәқәа 9 млрд 700 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьазы Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалахәытә хәҭа 9 млрд. 700 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба.  

Ари акыр зҵазкуа ацлара ауп, уи ҳара адефицит ахәҭак ахарҭәаара ҳалнаршеит. 2023 шықәсазы адефициат афинансыркра ахыҵхырҭа аҳасабала ҳара Амилаҭтә банк аԥаратә хархәагақәа адаҳгалеит, аха урҭ реицҵалыҵ митәык идуум аоперативла аныхтәқәа хырҩартә еиԥш.  Мызкы аҽҳәара аманы иадаҳгалеит, ажьырныҳәамзазы иҳаргьежьуеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Владимир Делба иҟаиҵаз адыррақа рыла, иахьа абиуџьет аныхтәқәа рынагӡара аҩаӡара 92% рҟынӡа инаӡоит.

«Ҳазҭоу ашықәс азы иназцҵоу аныхтәқәа ҳҽақәыршәаны, ҳаа инагӡаны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа азыӡбақәа рыла ауалқәа ршәара алҳаршеит. Урҭ реицҵалыҵ 295 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Владимир Делба.

Иара убас Урыстәыла агәабзиарахьчара аусбарҭақәа рҿы инагӡаз амедицинатә маҵзурақәа рыла ауалқәа зегьы ршәара алышоуп. Урҭ реицҵалыҵ  38 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьа шьақәгылеит аҳәынҭқарратә ҭаххрақәа рзы ахәшәқәа раахәара азы ауалқәа рганахьалагьы. 


Read 193 times - Аԥшьаша, 04 Ажьырныҳәа 2024 10:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.