Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа раан ирыдыркылеит «2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект. Ԥхынҷкәынмза 29 рзы имҩаԥысыз Апарламент асессиа аилатәара иалахәыз рҟынтәи 25-ҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит.
2024 шықәсазы Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет апараметрқәа абас ала ишьақәгылоит:
- ахашәалахәқәа рыла – 15 млрд. 526 млн. 893,4 нызықь мааҭ;
- аныхтәқәа рыла – 16 млрд. 273 млн. 010,7 нызықь мааҭ, Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит – 746 млн. 117,3 нызықь мааҭ.
2024–тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет апараметрқәа абас ала ишьақәгылоит:
- ахашәалахәқәа рыла – 12 млрд. 097 млн. 184,9 нызықь мааҭ;
- аныхтәқәа рыла – 12 млрд. 832 млн. 852,5 нызықь мааҭ;
- 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет адефицит ахышәа-ҵышәа – 735 млн. 667,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2024 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара абас ала ишьақәгылоит:
- асоциал-економикатә ҿиара азы 3 млрд. 900 млн. 732,7 нызықь мааҭ;
- 2023-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә программа анагӡаразы абиуџьетә инвестициақәа ралагаларазы - 1 млрд. ,093 млн. 500,0 нызықь мааҭ;
- 2022-2025 шш. Ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы Апрограмма ала аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра анагӡаразы – 162 млн мааҭ.
Ажьырныҳәаза 1, 2025 шықәсазы аҭагылазаашьала акредитқәа рганахьала ареспубликатә аҩныҵҟатәи ауал хыхьтәи аҩаӡара 772 млн мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп.
Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы аҭагылазаашьала акредитқәа рганахьала ареспублика адәныҟатәи ауал хыхьтәи аҩаӡара 1 млрд., 021 млн. 439,9 нызықь мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп.