
pressadmin-2
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа алархәны анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩцәа – Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Асҭамыр Ҭаниеи Рауль Ҳагбеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Автоҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара алархәны анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
2023 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҿы зегьы реиҳа аԥстәбара зцу амҩатә машәыртә хҭысқәа ҟалеит. Урҭ ирыхҟьаны 25-ҩык ҭахеит.
Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҿы ари агәҭынчымра узцәрызго астатистика амзысқәа жәпакы ирыдҳәалоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ахәҭакахьала, уахь иаҵанакуеит Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа рганахьала аҭыԥ змоу агхақәагьы уахь иаҵанакуеит. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Автоҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азы ганрацәала аусура арӷәӷәара азы ахыдҵақәа рзықәыргылоуп.
Хҩык Аԥсны ауааԥсыра анаркотикаттә маҭәашьарқәа ҵәахны ирыман ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иаанкылоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдгалара азы ахара рыдҵоуп хҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит 2000 шықәсазы ииз Сыҷынаа Алиас Феликс-иԥа. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Сыҷынаа Алиас имхыз амедицинатә шприц иҭаз агәырлаҵаратә еилаҭәа, имҩаԥгаз аекспертиза инақәыршәаны, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар ауп. Анаҩс аҭира хықәкыс иҟамҵаӡакәа изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьар аахәареи адгалареи аиагареи рзы, Сыҷынаа Алиас Феликс-иԥа иганахьала ашьаусеилыргара хацыркуп. Сыҷынаа Алиас ахьырхәра аҳасабала аҭыԥ дшахымҵуа азы ашәҟәы инапы аҵарҩуп.
Гагра ақалақь аҿы Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа Гәылрыԥшь араион аҿы инхо, 1983 шықәсазы ииз Каарес Роберт Виктор-иԥа анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит.
Роберт Каарес идырбалеит амедицинатә шприцқәа ҩба ирҭаз, «мефедрон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.
Анаҩс аҭира хықәкыс иҟамҵаӡакәа изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьар аахәареи адгалареи аиагареи рзы Роберт Каарес иганахьала ашьаусеилыргара хацыркуп. Уи аҭыԥ дшахымҵуа азы ашәҟәы инапы аҵарҩуп.
Очамчыра инхо ахаҵа анаркотик рацәа имхуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа Очамчыра инхо, 1992 шықәсазы ииз Марганиа Емиль Оҭар-иԥа анаркотик рацәа имхуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр иҟанаҵаз аҭҵаара инақәыршәаны, ахаҵа идырбалаз анаркотикатә маҭәашьар «мефедрон» акапан 3 грамм рҟынӡа инаӡоит.
Емиль Марганиа Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа Гагра ақалақь иахьаҵанакуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан даанкылан.
Цандрыԥшьтәи акоманда «Саӡаа» ашьапылампыласыҩ қәыԥшцәа атурнир «Қырсаныҳәазтәи Ахраҿа» аԥхьахәқәа ргеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшьтәи акоманда «Саӡаа» ашьапылампыласыҩ қәыԥшцәа ажьырныҳәамза 6 – 8 рзы афедералтә ҵакыра «Сириус» аҿы имҩаԥысуаз атурнир «Қырсаныҳәазтәи Ахраҿа» аԥхьахәқәа ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
2013 шықәсазы ииз ашьапылампыласыҩцәа атурнир аҿы аиааира ргеит. Атурнир иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит Баграт Ҭарба, иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа – Леон Хастиан.
Акоманда азыҟарҵоит Гәырам Ԥкьыни Ара Казариани.
Лука Багаҭелиа урыстәылатәи иԥхьагылоу алига аклуб «Факел» ахь ахәаԥшразы ааԥхьара иҭоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашьапылампыласҩы, гәдоуҭатәи «Риҵа» ааӡамҭа, Апрфессионалтә шьапылампылтә Клуб «Динамо» (ақ. Ставрополь) ижәыло абжахьчаҩ Лука Багаҭелиа Воронеж ақалақь ахь ахәаԥшразы ааԥхьара иоуит. Лука Багаҭелиа урыстәылатәи иԥхьагылоу алига аклуб «Факел» дацны Ҭырқәтәылаҟа актәи аизгарақәа рахь дцоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
«Аԥхынтәи аизгарақәа раан ҳара ҳкомандеи акоманда «Ахмати» рыбжьара аиҩызаратә матч мҩаԥган. Грозныи ақалақь аҟынтәи акоманда азыҟаҵаҩ хадас усҟан дыҟан Сергеи Ташуев. Уи ицхырааҩ Виачеслав Молчанов ахәмарра ашьҭахь даасыдгылан ус иҳәеит: «Ҳара уара уаҳгоит». Анаҩс Сергеи Ташуеви Виачеслав Молчанови аклуб «Факел» ахь ииасит, аха сыхәмарра иазҿлымҳан. Сара аҭакԥхықәра шсыду сдыруан, аматчқәа зегьы рҿы исымоу астиль сҽақәыршәаны изласылшоз ала акоманда азы ибзианы, схәарҭаны сҟаларц азы ахәмарра сҽазысшәон. Сыгәра згаз ахәмарыҩцәа, азыҟаҵаҩцәа, аспорт абзиабаҩцәа, уҳәа зегьы рзы исылшоз ала сықәԥон. Аааԥхьара аиашазы даараӡа гәахәара дула исыдыскылеит. Аизгарақәа ажьырныҳәамза 9 рзы иалагоит, сара сҿаԥхьа ахықәкы ҳаракқәа ықәсыргылоит. Даара сгәыӷуеит сыгәҭакқәа рынагӡара сылшап ҳәа», – еиҭеиҳәеит Лука Багаҭелиа.
Иара ишеиҭеиҳәаз ала, Ставрополь ақалақь аҿы иара адгылара иоуит.
Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара Ареспубликатә школ акоманда – аҭыԥҳацәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Аԥсны Ахраҿа агеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара Ареспубликатә школ акоманда – аҭыԥҳацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Аԥсны Ахраҿа агеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Афинал аҿы Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара Ареспубликатә школ акоманда асчиот 64:49 ҳәа акоманда «Аԥсны амҵәыжәҩақәа» иаиааит. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит акоманда «Спартак 2», уи асчиот 62:45 ҳәа Афонҿыцтәи акоманда иаиааит.
Атурнир иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа иалкаахеит Алексиа Кәыҵниа, (Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара Ареспубликатә школ акоманда), Ева Гәыбаз («Аԥсны амҵәыжәҩақәа»), Камилла Занҭариа («Спартак»). Дарина Каҷарааԥҳа – зегь раасҭа далкаахеит (MVP - аред. азгә.)
Ажьырныҳәамза инаркны 11 категориа иаҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәыы иацҵахоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аибашьра иадҳәалоу 11 категориа ирыҵақакуа атәынчаҩцәа ажьырныҳәамза 2024 шықәса инаркны иназыцҵоу атәынчахәы роулоит. Абри азы адырра Аԥсныпресс ахь иҟаиҵеит Аԥсны Атәанчаратә Фонд ахантәыҩы Денис Гәылариа.
Иааизакны иҳараку атәанчахәқәа зауа рзеиԥш хыԥхьаӡара– 5 174 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Атәынчахәқәа рыцҵара азы мызказы инацҵаны иаҭаххоит 45 млн. мааҭ, шықәсык азы - 550 млн. мааҭ инарзынаԥшуа.
2 000 мааҭ рыла ртәынчахәқәа шьҭыххоит абарҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа:
Аперсоналтә тәанчахәы зауа атәанчаҩцәа – 73-ҩык, урҭ ртәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 12 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
Аперсоналтә тәанчахәы зауаз, зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчахәы иҭаацәа – 31 - ҩык, урҭ ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 12 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа – 310 -ҩык, урҭ ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 12 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра II агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа – 2316-ҩык, урҭ ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 9 500 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра III агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа – 95-ҩык, урҭ ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 8 500 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа, I агәыԥ иаҵанакуа – 25-ҩык, урҭ ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 12 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
Зыԥсҭазаара иалҵхьоу 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҭаацәа, II агәыԥ иаҵанакуа – 51-ҩык, урҭ ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 9 500 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
Зыԥсҭазаара иалҵхьоу 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҭаацәа, III агәыԥ иаҵанакуа – ҩыџьа, урҭ ироуло атәанчахәы ахышәа-ҵышәа – 8 500 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: атәылауаҩԥҳәыс Софииа Олеиник лыԥшаарақәа ирыцҵоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 27 инаркны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра русбарҭақәа хабарда ибжьаӡыз Софииа Олеиник лыԥшааразы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 7 рзы Софииа Олеиник дырбон Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан.
Макьаназы Софииа Олеиник дахьыҟоу аҭыԥ еилкааӡамкәа иаанхоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Ҷлоу ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны аԥҳәыс дҭахеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь шаанӡа, ажьырныҳәамза 7 рзы, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан ахатәы ҩны амца акит.
Иҟалаз амцакра иахҟьаны 60 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс дҭахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны анефтаалыҵқәа рыла аиқәыршәара азҵаара аӡбара аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥхьара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа раагара иадҳәаланы ицәырҵыз апроблема аӡбара алыршаразы. Абри азы ТАСС ахь адырра ҟаиҵеит ареспублика аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа.
«Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рахь ареспублика анефтаалыҵқәа рыла еиԥҟьарада аиқәыршәара алыршараҿы ацхыраара ҳаҳәеит. Дара ашықәс нҵәаанӡа акагьы аҟаҵара иахьымӡаӡеит, ҳазыԥшуп раԥхьатәи аусуратә мшқәа рзы еиҭакрақәак ҟалап ҳәа», – ТАСС акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Ҭеимураз Миквабиа.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, уажәы аус злоу аҭыԥантәи аилазаарақәа рыла зыхәԥса шәоу абылтәы ареспублика ахь аагара алыршара, насгьы иааизакны ареспублика анефтаалыҵқәа рыла аиқәыршәара азҵаара аҭышәынтәалара ауп.
«Уажәы «Роснефть» ауп Аԥсныҟа абылтәы аагара зылшо», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Ҭеимураз Миквабиа иажәақәа рыла, Аԥсны абылтәы аганахьала макьаназы адефицит ыҟаӡам, «уажәы атәыла аҿы иҟоу абылтәы азхаратәы иҟоуп, аха «уадаҩрас иҟоу, аҭыԥантәи аилазаарақәеи абылтәы ҭаҭәарҭатә Станциақәеи зегьы аус ахьырзымуа ауп».
Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа аазго аилазаара дуқәа иреиуоу аилазаара «АЗиД» иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны, Ашықәс Ҿыц ҟалаанӡагьы ахатәы абылтәыҭаҭәарҭатә Станциақәа рҿы анефтаалыҵқәак роужьра ааннакылеит. Абылтәы уаанӡа ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла иалкаау анефтаалыҵқәа рыхәԥса зшәахьоу аиуристтә хаҿқәа ахсаалагақәа рыла ирзоужьхоит.