Аилатәара иалахәыз амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылареи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиқәырхареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рауль Хагба ҷыдала дазааҭгылеит арыжәтә џьбара ыжәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа злаху амҩатә машәыртә хҭысқәа. Уи иколлегацәа анапынҵақәа риҭеит ижәны, мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥскы зку ауаа раанкылареи рахьырхәреи лымкаала ахшыҩзышьҭра арҭаларц. Иазгәарҭеит иара убас апассаџьыртә мҩангара ахылаԥшра арӷәӷәареи ашьаҟауааи ахәыҷқәеи ршәарҭадара алыршареи рхымԥадатәрагьы. Аилатәара аҿы иара убас 2024 шықәса нҵәаанӡа амҩаду хада аҿы 50 инарзынаԥшуа акамерақәа шышьақәыргылахо азгәарҭеит.
Аилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Автоҳәынҭинспекциа анапхгаҩцәа Автоҳәынҭинспекциа лҵшәа бзиала аусура атәыла аҿы амҩатә машәыртә хҭысқәа рырмаҷреи иааизакны амҩаҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәреи рзы ихымԥадатәиу усуп ҳәа иазгәарҭеит.
Аилатәара ашьҭахь Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа Гәдоуҭа ақалақь иахьаҵанакуа ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатә «Ишәарҭадоу ақалақь» мҩаԥыргеит.
Автоинспекциа амашьынақәа еиҳа активла амашьынақәа ахьныҟәо аҭыԥқәа рахь рҽеиҩыршеит. Раԥхьатәи 30 минуҭ рыҩныҵҟа Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа арыжәтә џьбара ыжәны, мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы зкыз амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылеит. Зынӡа иааизакны амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу 45 хҭыс аарԥшын. Ҩыџьа амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ркын. Урҭ рмашьынақәа рымхуп, дара амедицинатә гәаҭара ианахыс ашьҭахь 30 нызықь мааҭ рҟынӡа ахараԥса дыршәан, иара убас шықәсыбжак иалагӡаны атранспорттә хархәага аныҟәцаразы азин аршаҳаҭга рымхын.
Егьырҭ иаарԥшыз азинеилагарақәа иреиуоуп: амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгада амашьына аԥсы акра иадҳәалоу хә-хҭыск, зықәра наӡам амашьына аԥсҟы иркра иадҳәалоу хҭыск, автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара иадҳәалоу ахҭысқәа быжьба.