Уажәы Заури Владимири Тәанааи Ефрем Ешбеи ҭакуп.
Ақәылара афакт ала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 159, ахәҭа 3 инақәыршәаны ихацырку ашьаус аилыргара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә гәыԥ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақәыларазы ахара рыдҵоуп Дәрыԥшь ақыҭан инхо ҩыџьа ауаа, иара убас урҭ ирыцыз – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Ефрем Заур-иԥа Ешба, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Ефрем Ешба (1984 ш.ииз) Гәдоуҭа ақалақь аҿы дааныркылеит, уи иҟаиҵаз азы иҿы иқәшаҳаҭхеит.
Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан ашьусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициеи аоперативтә еилазаареи рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан иааныркылеит 1975 шықәсазы ииз Тәанба Владимир Витали-иԥа, 1977 шықәсазы ииз Тәанба Заур Тарас-иԥа. Уи данааныркылоз аамҭазы имҩаԥгаз хаҭала игәаҭараан иӷьычыз амобилтә ҭел идырбалеит.
Ашьаустә материалқәа рыла, Ефрем Ешба, Владимир Тәанба, Заур Тәанба, Ефрем Ешба ириҭаз адырра ала, заанаҵы ицәыҵеицәажәаны, атәым мазара ампыҵакра, ахәҭакахьала иҭииз амандаринақәа ирыҭныхыз аԥаратә хархәагақәа ргара хықәкыс иҟаҵаны ақәылара аԥшьыргеит.
Ахара зду ауаа Ҟәланырхәа ақыҭахь рхы дырхеит. Араҟа урҭ ахәлара иазыԥшит. Анаҩс Заури Владимири Тәанаа алашьцара рҽалакны ааха зауз аамҭала дахьаанкылаз ахатәы ҩны иҩналеит. Урҭ 1957 шықәсазы ииз аԥҳәыс, аԥара рылҭарц азы илықәлеит. Заур Тәанба лабала, ҭаҷкәымла аԥҳәыс длысуа далагеит, Владимир Танба – аԥҳәыс лнапқәа ҳәызбала ахәрақәа аниҵеит. Аԥара анырмоу ашьҭахь, ацәгьоуцәа ирымԥыхьашәаз амобилтә ҭел аашьҭыхны, ааигәа ирзыԥшыз Ефрем Ешба имашьынала аҭыԥ аҟынтәи рҽырӡеит.
Уажәы Заури Владимири Тәанааи Ефрем Ешбеи ҭакуп.
Ақәылара афакт ала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 159, ахәҭа 3 инақәыршәаны ихацырку ашьаус аилыргара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә гәыԥ.