Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа раагара иадҳәаланы ицәырҵыз апроблема аӡбара алыршаразы. Абри азы ТАСС ахь адырра ҟаиҵеит ареспублика аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа.
«Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рахь ареспублика анефтаалыҵқәа рыла еиԥҟьарада аиқәыршәара алыршараҿы ацхыраара ҳаҳәеит. Дара ашықәс нҵәаанӡа акагьы аҟаҵара иахьымӡаӡеит, ҳазыԥшуп раԥхьатәи аусуратә мшқәа рзы еиҭакрақәак ҟалап ҳәа», – ТАСС акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Ҭеимураз Миквабиа.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, уажәы аус злоу аҭыԥантәи аилазаарақәа рыла зыхәԥса шәоу абылтәы ареспублика ахь аагара алыршара, насгьы иааизакны ареспублика анефтаалыҵқәа рыла аиқәыршәара азҵаара аҭышәынтәалара ауп.
«Уажәы «Роснефть» ауп Аԥсныҟа абылтәы аагара зылшо», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Ҭеимураз Миквабиа иажәақәа рыла, Аԥсны абылтәы аганахьала макьаназы адефицит ыҟаӡам, «уажәы атәыла аҿы иҟоу абылтәы азхаратәы иҟоуп, аха «уадаҩрас иҟоу, аҭыԥантәи аилазаарақәеи абылтәы ҭаҭәарҭатә Станциақәеи зегьы аус ахьырзымуа ауп».
Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа аазго аилазаара дуқәа иреиуоу аилазаара «АЗиД» иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны, Ашықәс Ҿыц ҟалаанӡагьы ахатәы абылтәыҭаҭәарҭатә Станциақәа рҿы анефтаалыҵқәак роужьра ааннакылеит. Абылтәы уаанӡа ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла иалкаау анефтаалыҵқәа рыхәԥса зшәахьоу аиуристтә хаҿқәа ахсаалагақәа рыла ирзоужьхоит.
Ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа инаркны Аԥсны анефтаалыҵқәа раагара аганахьала ауадаҩрақәа цәырҵит. Уаанӡа Аԥсны аекономика Аминистрра ТАСС ахь иҟанаҵахьаз адыррақәа рыла, урыстәылатәи анапхгаратә убарҭақәа ишырҳәахьоу еиԥш ԥхынҷкәынза 16, 2023 шықәса рзы иҭыҵыз Урыстәыла аиҳабыра Ақәҵара №2180 инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефть» фымз ирҭагӡаны Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин аҭоуп. Ақәҵара аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу азгәанаҭоит.
Убри инамаданы ишьақәгыло аҭагылазаашьала уаанӡа «Лукойл», «Газпром», «Татнефть», атреидерцәа, уҳәа рҿы анефтаалыҵқәа аазхәоз аҭыԥантәи абылтәџьармыкьа алахәылацәа «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара рҿы уи аахәара рылшо иҟалеит. Аха иҟоуп апроблема. Ареспублика аҿы абылтәы аҭаҵәах ыҟазарц азы еиуеиԥшым аилазаарақәеи абылтәыла аиқәыршәаҩцәеи аилаӡарақәа рыбжьарҵахьеит, урҭ инарықәыршәаны анефҭаалыҵ аиҳарак ахә заанаҵы иршәахьеит», - ҳәа иҳәеит Аԥсны аекономика ахаҭарнак.