Иаса Қьырса иира амшныҳәа ихадоу ақьырсиан ныҳәақәа 12 ируакуп. Қьырсаныҳәа – Мшаԥы иаҟароу аныҳәа хадақәа ҩба иреиуоуп. Ари амш аҽны, ф-шәышықәсак раԥхьа аԥааимбарцәа ирҳәахьаз ахҭыс ҟалеит. Иудеиатәи Вифлием, ахьчацәа рҳаԥы аҩныҵҟа, Ацқьа Мариа длыхшеит Анцәа иԥа. Ақьырсианцәа ихарҵоит Иаса Қьырса ауаа реиқәырхаразы адгьыл ахь дшаашьҭыз. Евангелиа излаҳәо ала, Аԥаимбар Вифлеемтәи ахьчацәа ирылеиҳәеит агәырӷьара ду шыҟалаз, ауаа реиқәырхаҩ Иаса Қьырса дышииз. Уи шыҟалаз атәы анаҩс анҵамҭа ҟарҵеит ԥшьҩык аевангелистцәа арҟынтәи ҩыџьа апостолцәа Матфеи Лукеи.
Аиашахаҵаратә қьырсиантә мзар инақәыршәаны абҵара 28 инаркны ажьырныҳәа 7 рҟынӡа 40 мшы ирылагӡоу Қьырсачгара алагоит. Ажьырныҳәамза 7 ауха анцәаимҵаныҳәара аныҳәа ахыркәшамҭаз ауаа рыгәнаҳақәа рхыхразы аҽрыцқьара мҩаԥгахоит.
Ажьырныҳәамза — аԥкрақәа зегьы аԥыххоит, аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа доусы рыуацәеи рҭынхацәеи ирзааигәоу ауааи рыгәҭа Қьырса ныҳәа азгәарҭоит, фатәы-жәтәы рыла ирхиоу аишәа иахатәоит.